АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Ԥхынгәы.2023

Женева ақалақь аҿы имҩыԥысит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 58-тәи рраунд.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәы 11-12, 2023 шықәсазы имҩаԥысит Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 58-тәи рраунд. Аиҿцәажәарақәа ирылахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәылатәи Афедерациа, ЕАА рхаҭарнакцәа, ЕЕи ЕАРи, ОБСЕи рыцхантәаҩлара.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Иракли Ҭыжәба зхадараҿы дыҟаз аԥснытәи аделегациа иалахәын: Аԥсны АШәМ ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Заал Хәарцкьиа, Аԥсны ААР аусзуҩцәа Лаша Аҩӡба, Артур Гагәылиа.

Аԥснытәи аделегация аҽазныкгьы ишьҭнахит амч ахамырхәараз ашәҟәы анапаҵаҩра азҵаара. Қырҭтәылатәи аган аҽазныкгьы мап ацәнакит ари аганахь ала адиалог амҩаԥгара.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны ирҳәеит амч ахамырхәараз жәларбжьаратәи ахәдықәҵарақәа рзы адокумент анапаҵаҩра амшхәаԥштә азҵаара хадақәа иреиуоуп "Медведев-Саркози" реиқәшаҳаҭра апункт 6 инақәыршәаны ҳәа.

Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа раан қырҭтәылатәи аделегациа аҽазныкгьы иазаамырԥшит амшхәаԥштә азҵаара хадақәа конструктивтә ҟазшьала рызнеира.

Ари азҵаара шаарту иаанхеит.

Араунд алахәылацәа иара убасгьы ирылацәажәеит аҭыԥ аҿы ашәарҭадара иадҳәало азҵаарақәа, убри аан иазгәарҭеит арегион аҿы аҭагылазаашьа шҭынчроу.

Аԥсны аҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәеит аинцидентқәа рызхьаԥшреи раԥырҟәҟәаареи рзы Амеханизм (МПРИ) ишадгылаҩу.

Традициа ҳасабла аиҿцәажәараҿы ирзааҭгылан агуманитартә зҵаарақәа. Аԥсуа ган аҽазныкгьы ишьҭнахит Аԥсны атәылауаа рхы иақәиҭны рныҟәара апроблема.

58-тәи араунд аҿы ирылацәажәан аҵара, амедицина, уҳәа зҵазкуа агуманитартә зҵаарақәа.

Ушьҭантәи, 59-тәи араунд азыԥхьагәаҭоуп 2023 шықәса ԥхынгәы 5-6 рзы.

 


Read 294 times - Аԥшьаша, 13 Ԥхынгәы 2023 18:31
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.