АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Ԥхынгәы.2023

Москва Анапхгара Камантәи аберҭыԥ азы ауахәаматә маҭәахәқәа раахәара иазкны аԥара азоунажьит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Москва Анапхгара Ацқьа Иоанн Ахьҿы ихьӡ зху Камантәи аберҭыԥ азы ауахәаматә маҭәахәқәа раахәара иазкны аԥара азоунажьит.

Ацқьа Иоанн Ахьҿы ихьӡ зху Камантәи аберҭыԥ азы ауахәаматә маҭәахәқәа раахәара иазкны аԥара азоужьра азы асертификат аберҭыԥ аиҳабы, аигумен Игнати (Киут) ииҭеит Москва ақалақь жәларбжьаратәии адәныҟаекономикатәи аимадарақәа рзы Адепартамент анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ – аконтрактә маҵзура анапхгаҩы Игорь Ткач.

«Ҳара Аԥсны Аиашахаҵаратә ныхабаақәа рзы ауахәаматә маҭәахәқәа раахәара иазкны  Москва Анапхгара аминистр Сергеи Евгени-иԥа Чериомин инапы зҵаиҩыз асертификат еиқәҳаршәеит.  Хара имгакәа уи шәара шныхабаа ахь иааргараны иҟоуп», - ҳәа иҳәеит Игорь Ткач.

Аберҭыԥ анапхгаҩы аигумен Игнати (Киут) Москва Анапхгара шықәсырацәала иҟанаҵо адгылара азы иҭабуп ҳәа иҳәеит, убри аан уи ас еиԥш иҟоу агуманитартә еимадарақәа Урыстәылеи Аԥсни еизааигәанатәуеит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Аҟәа иҟоу Москва Аҩны  есымша ацхыраара ҳанаҭоит. Москва Аҩны анаатыз раԥхьатәи ашықәс азы Москва ақалақь Ахадара ҳамҭас иҳанаҭеит даара иуадаҩу аграфикатә стиль ала инагӡоу Иԥшьоу Ахҩеила Ныҳәа аныхачаԥа.    Шәареи ҳареи  аимадара ӷәӷәа ҳабжьоуп. Москва аганахьала иҳауа адгылара ҳара ҳзы даара акыр аҵанакуеит. Уи ауаа еиднакылоит, Аԥсни Урыстәылеи еизааигәанатәуеит. Аҭычра шәымаз! Анцәа имчала аизҳазыӷьара шәоуааит! Анцәа дышәхылаԥшааит! Сара идуӡӡаны иҭабуп ҳәа шәасҳәоит иаашәырԥшуа агәцаракра азы», - ҳәа иҳәеит аб Игнати.

Москва Анапхгара есышықәса Аԥснытәи аиашахаҵаратә уахәамақәа рзы ауахәаматә маҭәахәқәеи алитературеи раахәара иазкны аԥара азоунажьуеит. Уи уажәадагьы Камантәи аберҭыԥ ацхыраареи адгылареи анаҭахьеит. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы Ацқьа Иоанн Ахьҿы ихьӡ зху ари аныхабаа ахь иаашьҭын алампадақәа, аџьарқәа, аныхачаԥақәа, уҳәа егьырҭ ауахәаматә маҭәахәқәа.

Ауахәаматә маҭәахәқәа, адоуҳатә литература, анцәаныҳәаратә шәҟәқәа ркомплектқәа,  аныхабаа аҩныҵҟатәи аҩычаразы аеиуеиԥшым амаҭәарқәа, уҳәа – ирацәоуп Моска Анапхгареи Москва ақалақь жәларбжьаратәи адәныҟаекономикатәи аимадарақәа Рдепартаменти аегида ала Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Москва Аҩны ала иааиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥгоу асоциал-гуманитартә усмҩаԥгатәқәа рсиа иалагалоу хра злоу аусқәа.

Ақыҭа Каман даара пату зқәу, иԥшьоу ақьырсиантә ҭыԥқәа иреиуоуп. Уи араҟа иҟоу ақьырсиантә ԥшьаҭыԥқәа – ааӡабхгаҩ Василиск еицамкуа ибаҩ-ишаҩ зҭоу акардама,  IV ашәышықәса иаҵанакуа Ацқьа Иоанн Ахьҿы ихьӡ зху аныхабаа, ацқьа ааӡабхгаҩ Василиск иԥшьоу иӡы аҵыҵырҭа, уҳәа рыла еицырдыруеит.  Каман иҟоу аберҭыԥ аҭоурых ду амоуп. Уи иузаҟәымҭхо хҩык аԥсыцқьақәа - Василиск, Иоанн Ахьҿи Иоанн Анаҭҩи ирыдҳәалоуп.


Read 208 times - Аԥшьаша, 13 Ԥхынгәы 2023 18:29
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.