pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Хәажәкырамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аинтернет ресурсқәа рҿы Аҟәа ақалақь Коӷониа имҩаду 11 ала изакәанымкәа аобиект аргылара мҩаԥысуеит ҳәа аинформациа аларҵәара инамаданы, апрокуратура Хада азакәанԥҵара анагӡара ахылаԥшра азы Аусбарҭа апрокурор Хада иҟаиҵаз адҵа ала иарбоу аргылара азакәантә шьаҭа агәаҭара мҩаԥнагоит. Абри азы адырра ҟанаҵоит апрокуратура Хада аофициалтә саит.

Аҟәа. Хажәкырамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра ақалақь азинхьчаратә усбарҭақәа ақалақь аҿы алақәа иреихсны рышьра иалахәыз ауаа реилкаара иазкны аусура нарыгӡоит.

«Ҳара ҳхаҭа даара ҳаршанхеит иҟалаз ахҭыс. Азинхьчаратә усбарҭақәа ари агәымбылџьбаратә хҭыс иалахәыз ауаа реилкаара азы аусура мҩаԥыргоит. Иҟоу адыррақәа рыла, уи џьоукы хазхаҭала иаԥшьыргаз, анаҩс еиҿыркааз усуп. Ҳара иԥшәымадоу алақәа рыпроблема аӡбара азы ас еиԥш аметод зынӡа ҳадгылаӡом», - ҳәа Апсныпресс акорреспондент иацы иҟалаз ахҭыс азы иҟаиҵаз азҵаара  аҭак ҟаҵо иҳәеит Гагра араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Адамыр Цишба  .

Гагра ақалақь аҿы хара имгакәа хыҵакырҭада иаанхаз алақәа массала рыстерилтизациа  амҩаԥгареи рыхәҭак Гагра араион аҿы иҟоу агәыҳалалратә фонд «Багира» иатәу  ахкыдкыларҭа  (априиут)   «Топа» аҿы рнырхара азы аусура мҩаԥыргоит.  

Аҟәа. Хәажәкырамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада изы игәамбзиара инамаданы алабораториатә ПЦР-тест алҵшәала акороновирустә ҿкы чымазара шьақәырӷәӷәаӡам.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа акороновирустә ҿкы ашьақәырӷәӷәаразы алабораториатә ПЦР-тест дахыжьын. Ашьақәырӷәӷәаратә тест  Аслан Бжьани ибиоматериал ақәырԥшқәа рыҟны РНК вирус Sars-Cov-2 аарԥшӡамызт.

Аҟәа. Хәажәкырамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны апрокуратура Хада Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 217, ахәҭа 2, ахәҭаҷ 105, ахәҭа 3, апункт «а», ахәҭаҷ   99, ахәҭа 2, апунктқәа  «е», «ж» иазԥхьагәанаҭо ацәгьоурақәа, ахәҭакахьала  Хмаил Рамин Нури-иԥа гәҭакыла ишьреи Џьумутиа Д.Р. игәабзиара ӷәӷәала ааха аҭареи, иара убас гәыԥҩык ауаа рыла иҭҟьо абџьари аџьаԥҳани изакәанымкәа аахәареи аҵәахреи аиагареи рзы Воуба Вадим Витали-иԥа иганахьала ихацыркыз ашьаустә усеилыргара азы ахарадҵа шьақәнарӷәӷәеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны апрокуратура Хада официалтә саит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.         Аҟәа ақалақь Ахадара амуниципалтә наплакы «Арго-Инвест» Аԥсны атуризм Аминистрра ааԥхьарала атуризми асадкылара аиндустриеи рзы XXIX Жәларбжьаратәи ацәыргақәаҵа MITT – 2023 ахы аланархәуеит.

«Ҳара араҟа Аҟәа ақалақь аӡыргара, уи аҭоурых аиҭаҳәара, ҳаҳҭнықалақь акультура, аҭыԥԥшӡарақәа  рылацәажәара азы алшара ҳамоуп. Ари Аҟәа ақалақьи иааизакны Аԥсны акурортқәеи атуристтә лшарақәеи рпопулиаризациа азы алшара аԥызҵо зеиӷьаҟам плошьадканы иҟоуп», – ҳәа иҳәеит «Арго-Инвест» адиректор хада  Леуан Адлеиба.

Леуан Адлеиба иажәақәа рыла, Аԥсны астенд ацәыргақәҵа иаҭаауа акыр ирацәаҩуп, уи акыр аинтерес аҵаны иҟоуп.

Аҟәа. Хәажәкырамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абар шьҭа мызқәак раахыс, атәыла  аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба идҵа ала амилициа аусзуҩцәа ирӷәӷәоу арежим ала аус руеит. Есыҽны амҩақәа рҿы азинеилагарақәа рыԥхьырҟәҟәаареи рыпрофилактикеи иазкны ареидтә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит. Амилициа аусзуҩцәа есыҽны ижәны амашьына аԥсҟы зку амашьынарныҟәцаҩцәа ааныркылоит.

Ареспублика иахьаҵанакуа апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥысшьа ахылаԥшра аиҭоит аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа. Апатрультә гәыԥқәа ареидқәа рахь инеиуеит. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭахоит аҳәынҭқарратә дыргақәа змам амашьынақәа, иара убас зсаркьақәа ԥшшәырку, иара убас ашәарҭадара амаҟақәа рыда иныҟәо автотранспорт.

Аҟәа. Хәажәкырамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа, аҵара Аусбарҭа, иара убас Аҟәатәи Иреиҳаӡоу азеиԥкомандаҟаҵаратә Ҵараиурҭеи Аҟәа ахақәиҭтәразы Марттәи ажәыларатә операциа 30-шықәса ахыҵра иазкны агәалашәаратә акциа мҩаԥыргеит.

Акциа рхы аладырхәит аҟәатәи ашколқәа рҵаҩцәеи Аҟәатәи Иреиҳаӡоу акомандаҟаҵаратә Ҵараиурҭа акурсантцәеи.  Урҭ хыхьтәи Гәымсҭа ацҳа аҿы иҟоу Амемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аан афронт иаԥныз Алада Ешыра ақыҭан Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра азы имҩаԥгаз Марттәи ажәылара 30 - шықәса ахыҵра иазкны агәалашәаратә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.

Еизаз минуҭктәи аҿымҭрала иҭахаз аиабашьцәа ҳаҭырла иргәаладыршәеит.

Ашколхәыҷқәа аибашьра иазку ажәеинраалақәа ирыԥхьеит, марттәи ажәылара хаҭала иалахәыз аибашьра аветеранцәа хәажәкырамза 15 -16,  1993 ауха иалагаз ажәыларатә операциа азы ргәалашәарақәа еизаз ирзеиҭарҳәеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хишбеи Ареспублика Ҟрым акурортқәеи атуризми рминистр Вадим Волченкои хәажәкырамза   16 рзы, XXIX  Москватәи Жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны атуризм Аминистрреи Ареспублика Ҟрым атуризми акурортқәеи Рминистрреи акурортқәеи атуризми русхкы аҿы агәҭакқәа рзы аԥкаанҵа рнапы аҵарҩит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны атуризм Аминистрра апресс-маҵзура.

Аганқәа рзинмчы аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рзакәанԥҵареи инарықәыршәаны акыраамҭатәии аҩганк ирзыфеидоу аусуратә еимадара абжьаҵара азы агәҭакқәа шрымоу азгәаҭоит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз Марттәи ажәылара 30-шықәса ахыҵра амш аҽны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы агәалашәаратә акциа мҩаԥнагеит.

Аҿари Марттәи ажәылара иалахәыз аибашьра аветеранцәеи Аҟәатәи абаталион аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.  

Анаҩс акциа иалахәыз Аԥсны Актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба Имемориал аҟынӡа шьапыла амҩа иқәлеит. Уаҟа урҭ Ахада иҳаҭгәын аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Аҟәатәи абаталион аибашьцәа рбаҟа аҿаԥхьа игәалашәарақәа еизаз ирзеиҭеиҳәеит Аԥсны Афырхаҵа, Аҟәатәи абаталион акомандаҟаҵаҩ Сергеи Матосиан.

«Иахьа  – хәажәкырамза 16 ауп. Ари амш аҽны, В  этот день, 30 шықәса раԥхьа иахьа ҳахьгылоу атерриториа аамҭала аӷа инапаҿы иҟан, ҳара уи аҭарцәра азы аӡиас ҳарны ажәылара мҩаԥаагеит.

Сара исҳәарц исҭаху, ҳара аибашьышьа ҳҵон усҟан, избан акәзар ус еиԥш аԥышәа ҳамамызт, рыцҳарас иҟалаз аибашьышьа рҵоит, аха убри аан аӡәырҩы ҭахоит. Даара ирацәаҩны рыԥсҭазаара ақәырҵеит ҳҳәынҭқарра ахьыԥшымреи ахақәиҭреи. Сара исҭахуп ишәхашәмышҭырц шәара ишәықәлаз рфырхаҵара»,  –  ҳәа агәалашәаратә акциа иалахәыз аҿар рахь ихы рханы иҳәеит Сергеи Матосиан.  –  Аиааира иаразнак ала иҟалаз усӡам. Хәажәкырамзазы иҳақәмҿиазаргьы, ҳара зегьы есааира ҳарратә ԥышәа азҳауан,  убас цәыббрамза 30 рзы аӷа инагӡаны ииааирагьы ҳалшеит».

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.