Аусбарҭа анапхгаҩы иара убас уаанӡа априватизациа зызуз аобиект иахьа аҭоурых-культуратә баҟаны иҳаԥхьаӡо ҳалагар, усҟан уи аԥшәмацәа уи аҿы изеиԥшразаалак акагьы аԥсахра азин роуӡом.
«Анаҩс ҳара аиқәшаҳаҭра аԥыхны уи ампыҵакыҩцәа 60 млн. мааҭ рҟынӡа амцхәра рызшәара ҳақәшәоит. Аҳәынҭқарратә усбарҭа, иара аҳәынҭқаррагьы ас еиԥш аԥара ашәара залшарым», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Ԥхынҷкәынмза 29, 2015 рзы Аҳәынҭқарра Ахада иҭижьыз Аусԥҟа №362 ала ишьақәырӷәӷәан «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых-культуратә ҭынха иаҵанакуа аобиектқҵәа рсиа». Уи иалагалан 1535 обиект, урҭ рахьынтә 295 Аҟәа ақалақь аҿы иҟоуп, аха урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟаӡам аҽыкәабарҭа №3.
Гарик Сангәылиа иара убас иарбоу асиа даҽа хышә обиект ала ахарҭәааразы ажәалагала шыҟаҵаз азгәеиҭеит, аха уи макьаназы инагӡаны иҭҵааӡам, убас ала уи иарбоу аобиектқәа жәпакы ари ареестр иаламларгьы алшоит.