АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Ԥхынгәы.2023

Апансионатқәа Реидгылара “Акурорт Пицунда” аҿы аӡрыжәтәи амшынӡи рыхкқәа ргәаҭараан анорма ишақәшәо шьақәыргылахеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Гагра араион асанитартә ҳақьым хада Емине Иазычба атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба илҭаз адырррақәа рыла,  ԥхынгәымза 12  рзы аӡрыжәтәи амшынӡи ргәаҭара мҩаԥган.

«Акурорт Пицунда аплиаж аҟынтәи амшынӡы аиуеи, иара убас акорпусқәа зегьы рҟынтәи аӡрыжәтә аиуеи алабораториатә гәаҭаразы иган.   Агәаҭарақәа рымҩагарала ишеилкаахаз ала, акурорт аҿы амшынӡи аӡрыжәтәи  ишьақәыргылоу анормақәа ирықәшәоит, ачымазарақәа зырҿио абактериақәеи авирусқәеи аарԥшӡам», - ҳәа илҳәеит Емине Иазычба.

Уи иҟалҵаз адыррақәа рыла, Гагра араион зегьы иахьаҵанакуа аӡы агәаҭарақәа мҩаԥган. 

 

 


Read 264 times - Ахәаша, 14 Ԥхынгәы 2023 18:23
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.