АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Ԥхынгәы.2023

Аҳәанҭқарратә миграциатә Маҵзура Ахада Рамин Габлаиа аминистрцәа Реилазаара аҿы ахылаԥшырҭа аусура азы аҳасабырба ҟаиҵеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәанҭқарратә миграциатә Маҵзура Ахада Рамин Габлаиа атәыла аԥыза-министр Алеқандр Анқәаб  ҳазҭоу ашықәс актәи азыбжазы ахылаԥшырҭа инанагӡаз аусура азы адырра ииҭеит.  

Рамин Габалиа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ажьырныҳәамза 1 инаркны ԥхынгәымза 1 аҟынӡа Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура иаднакылеит авизақәа раиуразы  4 061 рҟынӡа арзаҳал; амиграциатә шәҟәҭагалара иахысит 2 430 - ҩык аҳәаанырцәтәи атәылауаа; аусуразы азин аиуреи апатентқәа рыҭареи рзы ирыдыркылеит 3 717 зыҳәамҭа;   400 зыҳәамҭа аусураҭаҩцәа рҟынтәи. 

Ҳазҭоу ашықәс актәи азыбжазы Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура аусуратә визақәа рыҭаразы иашәаз аҳәынҭқарратә баџь азеиԥш еицҵалыҵ  17 миллиони 487 нызықь мааҭи иреиҳауп.

Аҳәаанырцәтәи атәылауаа аусуразы азин аиуразы аҳәынҭқарратә баџь аҳасабала иҟарҵаз ашәтәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ 15 миллиони 837 нызықь мааҭи иреиҳауп, апатентқәа раиуразы иршәаз ашәатәқәа – 4 миллионки 389 нызықь мааҭи иреиҳауп.

Аҳәаанырцәтәи аусуратә мчқәа радыԥхьаларазы азин зырҵабыргуа аршаҳаҭгақәа раиуразы аусураҭаҩцәа аҳәынҭқарратә баџь аҳасабала иршәаз ашәатәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ  6 миллионки 810 нызқь мааҭи иреиҳахеит.

Ҳазҭоу ашықәс актәи азыбжазы Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура аусура ала ишәоу аҳәынҭқарратә баџь азеиԥш еицҵалыҵ 44 564 506 мааҭ рҟынӡа инаӡоит. (2022 шықәсазы аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы ишәаз аҳәынҭқарратә баџь азеиԥш еицҵалыҵ 32 420 320 мааҭ рҟынӡа инаӡоит).

Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура иарбоу аамҭахәҭа иалагӡаны административтә зинеилагарақәа рзы 55 материал аӡбарҭатә усбарҭақәа рахь идәықәнаҵеит.

Аҳәаанырцәтәи атәылауаа аусуразы азинаҭаратә усшәҟәқәа раиураан  ихымԥадатәиу амедицинатә гәаҭара рахысразы Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура ала иҟаҵаз адәықәҵабӷьыцқәа рышьаҭала, еиуеиԥшым ахатәра аформа змоу амедицинатә усбарҭақәа   рыԥхьаӡаратә ԥхьаӡарақәа ирхыԥхьаӡалаз ашәатәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ 10 миллионки 590 нызықь мааҭи рҟынӡа инаӡоит.

Амаҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, ареспублика аҿы аус руеит 28 инарзынаԥшуа аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рҟынтәи атәылауаа.

Аиԥылараҿы иара убас Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура аусура иадҳәалоу егьырҭ азҵаарақәагьы ирылацәажәеит.

Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Амаҵзура анапхгаҩы Амаҵзура арегионалтә ҟәшеиҵақәа русура аиӷьтәрагьы уахь иналаҵаны, аусуразы ареспубликаҟа иаауа аҳәаанырцәтәи атәылауаа рышәҟәҭагалара аеффективра аҩаӡара ашьҭыхра ахымԥадатәра ҷыдала ахшыҩзышьҭа аиҭарц иҳәеит.


Read 271 times - Ахәаша, 14 Ԥхынгәы 2023 19:26
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.