pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жәабранмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Каир ихыркәшахеит «Арабтәи Ареспублика Египет Евразиа ажәларқәа Рассамблеиа Амшқәа». Иарбоу аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит VI Евразиатәи алитературатә фестиваль «ЛиФФт-2023».

Афестиваль «ЛиФФт» Адунеи аҿы аԥсҭазаара аиқәырхара ахьӡала акультуреи апатуеиқәҵареи аҭынчрабзиабареи амилаҭрацәа ремабзиареи аилибакаареи иазку амодель ҿыц аԥҵара иадгыло ашәҟәыҩҩцәеи аԥхьаҩцәеи рдиалог ашьақәгылареи адунеи алитераторцәа рырҿиаратә усеицуреи рзы иаарту плошьадканы иҟоуп.

Атематикатә литературатә конкурсқәа рхы аладырхәит 52 тәыла – Евразиа, Африка, Лаҭынтәи Америка, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Израиль, Австралиа рҟынтәи авторцәа. Жәаа делегациа рлитераторцәа Каир рыдгалара мҩаԥыргеит.

«Гәахәара дула иазгәасҭарц сҭахуп зыхьӡ нагоу алитературатә усмҩаԥгатәқәа ишрылахәхаз аԥсуа шәҟәыҩҩцәагьы. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡала иарбоу аусмҩаԥгатә аҿы ицәыргахеит Енвер Ажьиба, Вахтанг Абхазоу, Владимир Делба, Владимир Занҭариа, Анатоли Лагәлааи Даур Наҷҟьебиеи», - ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит афорум хаҭала зхы алазырхәыз,  Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа амаӡаныҟәгаҩ Владимир Делба. 

Афестивальтә усмҩаԥгатәқәа рыхәҭак Жәларбжьаратәи каиртә ашәҟәытә иармарка астендқәа рҿы имҩаԥысуан. Араҟа ицәыргақәҵахеит аԥснытәи авторцәа рышәҟәқәагьы. Иазгәаҭатәуп, ацәыргақәҵа аиҿкааҩцәа астенд аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра асимволика ашьақәыргылара азин ҟарҵеит.

Аҟәа. Жәабранмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Жәабранмза 7, 2023 шықәса рзы аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аусзуҩцәа автомашьынатә хырхарҭа «Експорт»  аҳазылхратә гәаҭара азона аҿы Аԥсны атәылауаҩ зыԥсҟы икыз автомашьына агәаҭара мҩаԥыргеит.

Амашьына аҩныҵҟа иԥшаан Аԥсны анҭыҵ зыиагара ҟамло, зыкапан 118,6 кыла рҟынӡа инаӡо аԥштәылатә металл (абҩа).

Аҟәа. Жәабранмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит, «Азакәанапроекттә усура» арубрика аҿы «Асасааирҭақәеи апартаментқәеи рзинтә шьаҭа ашьақәыргылара азы» азакәан апроект кьыԥхьхеит.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы иубаратәы иҟоуп атуристцәа аамҭала раанкылара азы аҭыԥқәа, хазхаҭалатәи ахатәраҿы иҟоу аобиектқәагьы уахь иналаҵаны, рҭаххара шазҳаз.

«Азакәан апроект аиқәыршәара хықәкыс иамоуп:

- асасааирҭақәеи апартаментқәеи рыпроектҟаҵара, рыргылара, рхатәра, рхархәара, иарбоу аобиектқәа рҿы атуристцәа рнырхара, уҳәа раан ицәырҵуа аизыҟазаашьақәа   азкәантә шьаҭала рҭышәынтәалара аҿы агхақәа рырҽеира;

– Асасааирҭақәеи апартаментқәеи рзакәантә шьаҭеи рхархәара аԥҟарақәеи рышьақәыгылара;

– икоммерциатәу аобиект аҳасабала иҟоу апартаментқәа рхархәара азы аусура анагӡара иадҳәалоу азакәантә нормақәеи азакәантә принципқәеи  рышьақәыргылара.

 – Азакәан апроект атәылауаҩратә зинтә еизыҟазаашьақәа  робиект аҳасабала апартамент азинтә статус азԥхьагәанаҭоит.

– Апартамент аиуристә хаҿқәеи хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәеи  рхатәраҿы иҟазар зылшо акоммерциатә обиект астатус аҭахоит», - ҳәа иазгәаҭоуп асаит аҿы.

Аҟәа. Жәабранмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти рзы Аусбарҭа Аҟәа инхо асахьаҭыхыҩ ҿарацәа (30 шықәса зхымҵыц) иаарту ацәыргақәҵа алахәхара азы ааԥхьара рнаҭоит.

Аиԥылара мҩаԥгахоит жәабранмза 13 Аусбарҭа аофис ахыбра аҿы абри аҭыӡҭыԥ ала: Марр имҩа, аҩны № 8. 

Аҟәа. Жәабранмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2022 шықәсазы акредиттә еиҿкаарақәа рфинанстә еихшьаала  (аҳасабырбатә хашәалахәы) 77,9 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит, уи  2021 шықәса иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 2,3 рыла (43,3 млн.мааҭ) иазҳаит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Амилаҭтә Банк аофициалтә саит.

Аҟәа. Жәабранмза 8,  2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Баслан Џьопуа аҳәынҭқарратә ҳәаа аделимитациеи Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара амшынтә ҵакырақәа реизшареи рзы аҳәынҭқарратә Комиссиа ҳазҭалаз ашықәс азы раԥхьатәи аилатәара мҩаԥигеит.    

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ԥхынҷкәынмза 09, 2022 шықәсазы иҭижьыз Аусԥҟа инақәыршәаны, аҳәынҭқарратә ҳәаа аделимитациеи Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара амшынтә ҵакырақәа реизшареи рзы аҳәынҭқарратә Комиссиа аилазаара шьақәырӷәӷәахеит.  

Аҟәа. Жәабранмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аус ауеит Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи иҟалаз адгьылҵысра иахҟьаны ааха зауз рзы агуманитартә цхыраара аизгара апункт.

Уи еиҿкаауп Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахыбраҿы абри аҭыӡҭыԥ ала: Аҟәа ақалақь, Конфедератаа рымҩа, аҩны № 12.

Аԥсныпресс акорреспондент аштаб аҿы иоуз адыррақәа рыла, аиҳарак иаҭахны ыҟоу амаҭәа ԥхақәа, ахызақәа, ашьҭаларҭатә ааҵәақәа, амшьамбақәа, афатә аалыҵқәа (ашьақар, акәац аконсрвқәа,  еиуеиԥшым аиӷ).

Аштаб аҿы аус ауеит Ахылаԥшырҭа еиԥырҟьам аимадаратә цәаҳәа: (+7 940) 733 45 22.

Жәабранмза 6 рзы Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи жә-сааҭк рыбжьара адгьылҵысра ӷәӷәа ҟалеит. Змагнитуда 7,8 (± 0,1) рҟынӡа инаӡоз актәи адгьылҵысра аепицентр Ҭырқәтәыла, Газиантеп ақалақь, Шехиткамиль аҳабла иахьаҵанакуаз иҟан, змагнитуда 7,5 (± 0,1) рҟынӡа инаӡоз аҩбатәи адгьылҵысра аепицентр — Ҭырқәтәыла, Кахраманмараш ақалақь, Екиниозиу аҳабла аҿы иҟан.  

Аҟәа. Жәабранмза 8, 2023 шықәса. Апсныпресс.  Амузыкантцәа Антон Давидианци Лаура Водианицкаеи Аҟәа ақалақь аҿы амастер-класс мҩаԥыргеит.  Аиԥылара еиҿкаан Аԥсны акультура Аминистрра иабзоураны.  

Амастер-класс аҳәаақәа ирҭагӡаны Лаура Водианицкаиа абжьы иԥшӡаны, иӷәӷәаны ашьақәыргылара адагьы, интонациала игәылҭәааны иҟалартә, абжьыла амузыкатә инструментқәа рыбжьы аимитациа аҟаҵареи убжьы аоркестр иахәҭакны анырреи, иара убас ашәақәа ажәақәа рыда анагӡара, аха убри аан азыӡырҩы иӷәӷәоу аемоциалтә цәанырра изцәырҵыртә аҟаҵара аҵаразы иҟаҵатәу далацәажәеит.

Лаура Водианицкаиа еиҭалҳәеит Лариса Долина лакадемиа аҿы Аԥснытәи астудентцәа аӡәырҩы аҵара шырҵо еиҭалҳәеит. Уи Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥысыз аҿар рԥылара хра злоу традицианы ишышьақәгыло азы агәыӷра аалырԥшит.   

Аҟәа. Жәабранмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Гьаргь-иԥа Бжьаниа иҟаиҵо ацхыраарала аԥхьагыла ҿарацәа адгылара рыҭара аусхк аҟны жәларбжьаратәи аусеицура арҿиоит, Аԥснытәи ашколқәа роушьҭымҭацәа Урыстәыла иналукааша арҵаратә программақәа рахь рнеираз алшарақәа арӷәӷәоит.

«Сынтәа ҷыдала азхьаԥшра аҳҭоит аинформациатә технологиақәеи анџьныртә занааҭқәеи рхырхарҭа, беларуссиатәи аҵараиурҭақәеи ҳареи аинырра ҳабжьоуп. Ишдыру аиԥш Беларуссиа IT аусхк аҟны аинтеллектуалтә капитал ду амоуп», - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.

Аҟәа. Жәабранмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент аҟны имҩаԥысит Аҳәынҭқарра-зинтә политикаазы аилак инарҭбаау аилатәараАԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны адепутат Кан Кәарҷиа иаԥшьгарала имҩаԥысит Аҳәынҭқарра-зинтә политикаазы аилак  инарҭбаау аилатәара. Аилатәара азкын Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи рыбжьара Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу аобиект ахатәтәразы Урыстәылатәи Афедерациа аҭареи уи ахархәаразы аԥҟареи ирызку Аиқәшаҳаҭра аҵаҩра азҵаара.

Аилак ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба имҩаԥигаз аилатәарахь дааԥхьан Аҳәынҭқарратә мазара напхгараҭареи априватизациа азуреи рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Беслан Кәыбраа.

Аилатәара иалахәын Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, адепутатцәа, Апарламент аҟны иҟоу Ахада ихаҭарнак Анри Барцыц, Аҳәынҭқарратә мазара напхгараҭареи априватизациа азуреи рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Михаил Ладариа, ауаажәларра, амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәа.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.