АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Ԥхынгәы.2023

Гагра иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа рықәгара азы Акомиссиа ахь азарал зауз ауааԥсыра рҟынтәи 400 зыҳәамҭа неихьеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 21, 2023 шықәса.  Аԥсныпресс. Гагра ааигәа, ԥхынгәымза 8 -  9 рзы иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ашьҭахь иҟоу аҭагылазаашьа атәы Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо еиҭалҳеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынба.

Хана Гәынба лажәақәа рыла, зегьы раасҭа ааха роуит Лӡааи Алаҳаӡи ақыҭақәа.

«Асасааирҭатә комплексқәа рҿы аӡы зҵалаз актәи аихагылақәа аусура иалагахьеит.  Атуристтә обектқәа зегьы абжьааԥнытәи арежим ала аус руеит», – ҳәа илҳәеит лара.

Хана Гәынба Гагра араион Ахадара иалшо зегьы ҟанаҵон, иагьыҟанаҵоит аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа рықәгара азы ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит.  Гагра ақалақь асасцәа аднакылоит, ақьафурҭақәеи акрыфарҭақәеи акаҳуажәырҭақәеи, иара убас апансионатқәеи аус руеит.

Хана Гәынба лажәақәа рыла, Гагра араион Ахадара аҟны иаԥҵаз, араион ахада Иури Ҳагәышь напхгара зиҭо аоперативтә штаби аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа рықәгаразы акомиссиеи изныкымкәа аилатәарақәа мҩаԥнагеахьеит  азарал амҽхак аилкаарагьы хыркәшахеит.  

«Азарал ашәагаа аилкаара хыркәшоуп, акомиссиа алахәылацәа ааха зуз аҩнқәа зегьы ирҭааны актқәа еиқәдыршәеит. Уажәы акомисиа аусура ааха зауз ауаа категориала реихшара иадҳәалоуп. Актәи акатегориа иалалоит зегьы реиҳа азарал зауз ауааԥсыра. Ҳара ҳхықәкы – зегьы раԥхьаӡа иргыланы хыҵакырҭада иаанхаз аҭаацәа ацхыраара рыҭара. Иара убас зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩууи ахәыҷырацәа змоу аҭаацәеи адгылара рыҭара. Арҭ афакторқәа зегьы ааха зауз рҟынтәи арзаҳалқәа  рыхәаԥшраан ҷыдала ҳасаб азухоит», – ҳәа илҳәеит лара.

Акомиссиа ахь инарышьҭхьеит 400 инареиҳаны арзаҳалқәа.  

Гагра ақалақь аҿы арлахҿыхратә обиектқәа ракәзар, урҭ зегьы абжьааԥнытәи арежим ала аус руеит. Изеиԥшразаалак агәынамӡара ҳәа атуристцәа рҟынтәи араион Ахадарахь имнеиӡацт.

Хана Гәынба иара убас аӡрыжәтә ахаҭабзиареи амшынӡы ацқьареи рызҵаара дазааҭгылеит. Урҭ рхаҭабзиара иҟоу анормақәа ирықәшәоит ҳәа иазгәалҭеит лара.  

Ԥхынгәымза 8 – 9 ауха Гагра араион аҿы ақәаршҩы ӷәӷәа ауит. Зқьыла аҩнқәа аӡы рыҵалеит, амҩақәа бгеит, аихамҩа ахәҭак ыҵнаӡәӡәааит, 100 инарзынаԥшуа атуристцәа раанкыларазы аобиектқәа ааха роуит.  

Ԥхынгәымза 11 рзы Аҳәынҭқарра Ахада иҭижьыз Аусԥҟа ала иаԥҵан аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа рықәгаразы ареспубликатә штаб.  Уи аҭыԥантәи ахадарақәеи аҳәынҭқарратә маҵзурақәеи русура ахылаԥшра анаҭон.

Ԥхынгәымза 17 рзы иаартын Гагра ақалақь аҿы иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны ааха зауз ауаа рзы агуманитартә цхырара адкыларазы апункт.  


Read 667 times - Ахәаша, 21 Ԥхынгәы 2023 19:15
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.