АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Ԥхынгәы.2023

Аҟәа ақалақь Арӡынба имҩа аҿы ажраҭырҭәааратә усурақәа мҩаԥысуеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Арӡынба имҩа ахәҭак аҿы ажраҭырҭәааратә усурақәа мҩаԥысуеит.

Аҟәа  ақалақь  Ахадара Анхара-комуналтә Нхамҩа адепартамент адиректор ихаҭыԥуаҩ Руслан Аҩӡба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, аҳҭнықалақь  Ахадара ареспубликатә трасса ахәҭак аиҭашьақәыргылара ахахьы иагеит.

Аҳәынҭқарратә Еилакы «Аԥснымҩа» Лакоба имҩаҿы ҿыц акаҭран ақәҵара анымҩаԥнага ашьҭахь, аҳҭнықалақь Ахадара егьырҭ ареспубликатә мҩақәа рҿы ажраҭырҭәааратә усурақәа рымҩаԥгара ахахьы иагеит.

«Аҟәа ақалақь Ахадара иаҵанакуа Амҩа еиҭашьақәыргылара-ргыларатә Усбарҭа амаҵзурақәа  иарбоу аусурақәа нарыгӡоит. «Ацҳа шкәакәа» аԥхьа иҟоу Ладариеи Анчабаӡеи рымҩақәа рҿы ажраҭырҭәааратә усурақәа рыла иалагеит, анаҩс армарахьтәи аганахьала Арӡынба имҩала Ацҳа Ҟаԥшь аҟынӡа, хыхь Абазаа рымҩаҟынӡа. Ҳаԥхьаҟа макьаназы Арӡынба имҩа еихызҵәо даара ирацәаны амҩақәа ҟаҵатәны ишьҭоуп», –  ҳәа иазгәеиҭеит Руслан  Аҩӡба.

Арӡынба имҩа аҿы аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ажрыҭырҭәааратә усурақәа ирылагаанӡа аҽазыҟаҵаратә усурақәа мҩаԥысуан. Иахьа акаҭран ашьҭаҵара иалагеит.


Read 590 times - Ахаша, 30 Нанҳәа 2023 15:43
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.