pressadmin-2
АРЕСПУБЛИКА БЕЛАРУС АПРЕЗИДЕНТ АЛЕҚСАНДР ЛУКАШЕНКО АԤСНЫҞА ДААИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абри аминуҭқәа рзы имҩаԥысуеит Ареспублика Белорус Ахада Алеқсандр Лукашенкои Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи реиԥылара.
АСЛАН БЖЬАНИЕИ АЛЕҚСАНДР ЛУКАШЕНКОИ РЕИԤЫЛАРА ИМҨАԤЫСИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Беларус Ареспублика Ахада Александр Лукашенкои реиԥылара
Аиԥылара мҩаԥысит Пицунда аҳәынҭқарратә дача аҟны.
Ареспублика Беларус Ахада аԥсшәа иаҳәо, Аслан Бжьаниа иҳәеит: «Бзиала уаабеит, Александр Григори-иԥа! Шәара Аԥсны есқьынгьы иззыԥшу ҳасасцәа шәыруаӡәкуп».
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада игәаларшәаны иҳәеит 1996 шықәса ажьырныҳәамзазы ИАР алахәцәа - аҳәынҭқаррақәа рхадацәа Рхеилак аҟны Алеқсандр Лукашенко Аԥсны аибашьрашьҭахьтәи аекономикатә блокада даҿагыланы дшықәгылаз.
«Аԥсны аҟәыҭхара, аекономикатә блокада аҭакразы азыӡба иашаӡам шәҳәеит. Аԥсны ари атәы рдыруеит, ҳаҭыргьы ақәырҵоит. Ҳара ауаатәҩсатә еизыҟазаашьа бзиақәа ҳабжьоуп. Шәаара гәахәара дула иҳадаҳкылеит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит Ареспублика Беларус Ахада Аԥсныҟа иаара ҩ-жәларык реизыҟазаашьа аҿиара ишацхраауа. «Ҳаизыҟазаашьақәа, хымԥада, асоветтә аамҭазы ишыҟаз еиԥш ишьақәҳаргылоит. Бзиала шәаабеит ҳәа шәаҳҳәоит Аԥсны!"
Алеқсандр Лукашенко иҭабуп рхиҳәааит Аԥсны Ахада иажәа ԥхақәа.
«Агәхьаагара есқьынгьы иҳамазаауеит. Акыр ҵуеит уи аахыс, 25-27 шықәса схыҵуазар ҟаларын усҟан, иԥшьоу ари адгьыл аҟны саахьан. Ҳәара аҭахума, сара усҟан Аҳәынҭқарра сахагыламызт, иуҳәар ауазар, баша уаҩык, Апарламент адепутат иаҳасабала.
Иацы, Аԥсны апроблемақәа ҳрылацәажәон ҳашьеиҳаб Владимир Владимир-иԥа Путини сареи. Акыраамҭа, аҵх иааҳамнахаанӡа арҭ азҵаарақәа ҳрылацәажәон, лкаак ҳагьазааит, Аԥсны ҳазкажьӡом. Иацхраалатәуп ишәҭыкакаҷуа ари атәыла, уи иқәынхо ауааԥсыра аԥсҭазаара бзиа рымазарц азы», - ҳәа иҳәеит Алеқсандр Лукашенко.
Ареспублика Беларус Ахада иажәақәа рыла, Аԥсныҟа иаара ҭагылазаашьа ҷыдак иадҳәаланы иҟаӡам.
АԤСНЫТӘИ АҲАЗЫЛХЫҨЦӘА РЗАНААҬТӘ НЫҲӘА АЗГӘАРҬЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 27 рзы Аҳазылхыҩ Иныҳәамш азгәаҭара инамаданы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳазылхратә Еилакы аусзуҩцәа аџьшьара рыҭара иазку аныҳәатә церемониа мҩаԥысит.
Ацеремониа аҿы адныҳәаларатә ажәахә ҟаҵо дықәгылеит Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа. Атәыла Ахада ихьӡала Аԥсны Аҳазылхратә Еилакы анапхгараҭареи хаҭалатәи аилазаареи рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.
Урыстәылатәи Афедерациа афедералтә ҳазылхратә Маҵзура анапхгара ахьӡала аԥснытәи аҳазылхыҩцәа дрыдныҳәалеит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа афедералтә ҳазылхратә Маҵзура ахаҭарнак Константин Козлов.
АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ҬЫРҚӘТӘЫЛА ИҞОУ АҦСУА КУЛЬТУРАТӘ ЦЕНТРҚӘА РФЕДЕРАЦИА АХАҬАРНАКЦӘА ДЫРҦЫЛЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа ахаҭарнакцәа дырԥылеит. Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп – Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа ахантәаҩы Мураҭ Махариа, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора абыргцәа рхеилак ахада Иумиҭ Аҭеиба, уи ихаҭыԥуаҩ Биуленҭ Аҩӡба.
Аиԥылара иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡба, уи ицхырааҩ Џьансыхә Лазба, Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа.
Асасцәа аԥсшәа раҳәо, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит: "Ҳаиԥылара акырӡа сеигәырӷьеит. Иахьа, ныҳәа дууп - Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра иамшуп. Ҳара ҳзы гәахәароуп Ҭырқәтәыла инхо ҳашьцәа рыԥсадгьыл ахь ирымоу аимадара есааира иахьдырӷәӷәо".
Аҳәынҭқарра Ахада асасцәа ажәа риҭеит аԥсуа диаспореи аҭоурыхтә ԥсадгьыли реимадара арӷәӷәаразы иҟаҵатәу аусқәа ирылацәажәарц. Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа ргәы иҵхо азҵаарақәа рҭак аҟаҵара дшазыхиоу. Ҭырқәтәыла еиҿкаау аԥсуа диаспора абыргцәа рхеилак ахада Иумиҭ Аҭеиба Ҭырҭәтәыла инхо аԥсуаа рыхьӡала Аҳәынҭқарра Ахада Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра амши хара имгакәа иазгәаҳҭараны иҟоу Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш идиныҳәалеит.
"Ҳара даара ҳаигәырӷьеит ҳаиԥылара. Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа аҳәара ҟарҵеит рыхьӡала асалам шәыҭаразы, аныҳәа шәыдныҳәаларазы. Ҳара иҳамоуп ҳазлацәажәарц иаҳҭаху азҵаарақәа, ҳагьақәгәыӷуеит ҳаицәажәара аконструктивтә ҟазшьа аиуп ҳәа", - иазгәеиҭеит Иумиҭ Аҭеиба.
АХЬӠ-АԤША АПАРК АҾЫ АԤСНЫ АФЫРХАЦӘА ҲАҬЫРЛА ИРГӘАЛАДЫРШӘЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы анышә иамадоу афырхацәа рҳаҭгәынқәа рҿы иадыркит агәалашәара ацәашьқәа. 23 шықәса инареиҳаны ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа цәыббрамза 27, асааҭ 19:00 рзы Ахьӡ-Аԥша апарк ахь инеиуеит, араҟа урҭ 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз, Аԥсны аҳҭнықалақь агәаҿы анышә иамадоу афырхацәа рҳаҭгәынқәа рҿы ацәашьқәа адыркуеит.
Иахьа ахәылбыҽха урҭ рхәыҷқәеи рмаҭацәеи рыцны Ахьӡ-Аԥша апарк ахь инеины Аԥсны Ахақәиҭреи Ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз ҳаҭырла иргәаладыршәеит.
АԤСНЫ ЖӘЛАР РЏЬЫНЏЬТӘЫЛАТӘИ ЕИБАШЬРА АИНВАЛИДЦӘА РФОНД АҲӘСА АИБАШЬРА АИНВАЛИДЦӘА РЫЦЫԤХЬАӠА ИРХЫРЫԤХЬАӠАЛОИТ 5 000 МААҬ.
Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа азы 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәыз аҳәса аинвалидцәа рыцыԥхьаӡа ртәанчахәқәа инацҵаны ирхыԥхьаӡалахоит хәба-хәба нызықь мааҭ. Абри азы Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо адырра ҟаиҵеит 1992-1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рҳәынҭқарратә биуџьеҭнҭыҵтәи афонд анапхгаҩы Дмитри Ҭарба.
АРТУР КЬЫРКЬЫНАӠЕ ИҬААЦӘА АСОЦИАЛТӘ ШӘАТӘҚӘА РЗЫԤҴӘАХОИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара хатәгәаԥхарауаҩ, Донбасс иҷыдоу арратә операциа аан иҭахаз Кьыркьынаӡе Артур Беслан-иԥа иҭаацәа рзы зныктәи асоциалтә шәатәы шьақәнаргылеит. Артур Кьыркьынаӡе иҭаацәа ирызшәахоит 1 млн. мааҭ.
Уи азы ақәҵара рыдыркылеит цәыббрамза 27 рзы имҩаԥысыз аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы.
Аусшәҟәқәа рыдгалара мҩаԥигеит асоциалтә бгаԥса аминистр Руслан Аџьба.
ДОНБАСС АХӘРА ЗАУЗ АԤСНЫТӘИ ХАТӘГӘАԤХАРАУАА 500- 500 НЫЗЫҚЬ МААҬ РЫЗШӘАХОИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы хатәгәаԥхарала Донбасс имҩаԥысуа арратә операциа ҷыда иалахәу, ахәра ӷәӷәа зауз Алиас Аҩӡбеи Нарсоу Адлеибеи зныктәи аԥаратә цхыраара рыҭара азы Ақәҵара рыдыркылеит.
Алиас Аҩӡбеи Нарсоу Адлеибеи 500-500 нызықь мааҭ рызшәахоит.
Уи азы ақәҵара рыдыркылеит цәыббрамза 27 рзы имҩаԥысыз аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы.
АСЕРТИФИКАЦИАТӘ КОМИССИА АИЛАЗААРА АХЬ АНАГӠАРАТӘ МЧРА АХАҬАРНАКЦӘА АЛКААХЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара Аԥсны аиустициа Аминистрра аҟны иҟоу асертификациатә комиссиа аилазаара ахь анагӡаратә мчра ахаҭарнакцәа ралкаара мҩаԥнагеит.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит атәыла аиустициа аминистр Анри Барцыц.
Асертификациатә комиссиа анагӡаратә мчра аҟынтәи иалалеит:
АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АУСХКЫ ИАДҲӘАЛОУ АТӘЫЛА АНАПХГАРА АЗАКӘАНШӘҞӘҚӘАК АИҬАКРАҚӘА АЛАГАЛОУП.
Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы агәабзиарахьчара аусхкы иадҳәалоу атәыла анапхгара азакәаншәҟәқәак аиҭакрақәа ралагаларазы Ақәҵара рыдыркылеит. Аиҭакрақәа ажьырныҳәамза 27, 2022 шықәсазы Аминистрцәа Реилазаара ақәҵарала ишьақәырӷәӷәаз 2022 шықәсазтәи ахылаԥшратә хықәкытә программа «Атәылауаа Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа еиԥш уи анҭыҵгьы рыхәышәтәра» иалагалахоит. Уи апрограмма афинанстәра ашәагаақәа ишиашоу иадҳәалоуп.
80 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо Апрограмма афинанстәра 2022 шықәсатәи ареспубликатә биуџьеҭ ахарџь ала имҩаԥысуеит.