АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Жьҭаара.2023

Гәында Кәыҵниа: Аԥсны есыҽны аԥсуа бызшәа иамшны иҟазароуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. /Аманда Касланӡиа/.  Жьҭаарамза 27 рзы ареспублика аҿы аԥсуа бызшәа Амш азгәарҭоит.  Аԥсуа бызшәа аҵара аганахьала иҟоу аҭагылазаашьа, иҿыцу аметодикақәеи абызшәа аҵара ирласу акурсқәа русура, уҳәа ртәы Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо илҳәеит аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы Аҳәынҭқарратә усбарҭа анапхгаҩы Гәында Кәыҵниа.

Лара, аԥсуа бызшәа Амш шықәсык ахь знык акәымкәа есыҽны иазгәарҭалароуп ҳәа лҳәеит .

Уи лажәқәа рыла, ҳтәылаҿы амилаҭтә хдырреи адемографиеи ирыдҳәаланы ӷәӷәала апроблемақәа ықәгылоуп.

«Ҳара хыԥхьаӡарала ҳмаҷра, аурыс бызшәа ӷәӷәала анырра, уҳәа егьырҭ апроблемақәа ирыхҟьаны аԥсуа бызшәа иахьатәи аҭагылазаашьа  шьақәгылеит», – ҳәа илҳәеит Гәында Кәыҵниа.

Лара гәалсрала иазгәалҭеит иахьатәи амш азы зхатәы аԥсуа бызшәала ицәажәо, ихәыцуа, иара убас активла уи зхы иазырхәо еиҳа-еиҳа рхыԥхьаӡара шагхо. 

«Ҳара ҳҿи-ҳнапи еиқәыԥсаны ҳтәаӡам, ари аҭагылазаашьа арҽеиразы иҳалшо зегьы аҟыҵара ҳаҿуп. Аигәоуп аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы аҳәынҭқарратә Еилакы анаԥҵаз.  Уаанӡа аус ауан аԥсуа бызшәа аҿиара Аҳәынҭқарратә фонд. Анаҩс уи хазы иаԥҵаз аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы аҳәынҭқарратә Еилакы иаларҵеит. Ԥыҭрак ашьҭахь ари аҳәынҭқарратә Еилакы адепартамент азин ашьаҭала аҵарадырреи абызшәатә политикеи Рминистрра иаларгалеит.  Ашьҭахь адепартамент Аминистрра алгареи аҳәынҭқарратә Усбарҭа аԥҵареи рзы аӡбамҭа рыдыркылеит», –  ҳәа илҳәеит Гәында Кәыҵниа.

Аҳәынҭқарратә абызшәатә политика азы аҳәынҭқарратә Усбарҭа аԥҵан жәабранмза, 2023 шықәсазы.  

«Ҳара активла аусура ҳалагеит лаҵарамза инаркны, уинахыс аамҭа митәык шымцацгьы, иҳалҳаршаз маҷӡам ҳәа уҳәаратәы иҟоуп. Абызшәа аҵареи аҿиареи рзы апрограмма еиқәҳаршәеит. Сара сгәаанагарала Аԥсны иқәынхо зегьы аелементартә ҩаӡара аҿы акәзаргьы, аҳәынҭқарратә бызшәа рдыруазар ахәҭоуп.  Уи азы ирласны абызшәа аҵара  акурсқәа хымԥадатәиуп.  Убри аан акурсқәа рацәазароуп, агәыԥқәагьы убасҵәҟьа ирацәазароуп»,  – ҳәа иазгәалҭеит Гәында Кәыҵниа.

2024 шықәса инаркны ареспублика ақалақьқәа зегьы рҿы ахәыҷқәеи аиҳабацәеи рзы аԥсуа бызшәа аҵара Ацентрқәа раартра азԥхьагәаҭоуп. 

«Уажәы аҳәынҭқарратә Усбарҭа аҿы аԥсуа бызшәа аҵара азы ирласу, ихәыда-ԥсадоу акурсқәа аус руеит. Араҟа ауаа идырҵахоит аелементартә ҩаӡараҿы аԥсышәала ацәажәара. Акурсқәа ирзоужьу аамҭа иалагӡаны ауаҩы аԥсышәала ацәажәара ирҵара алшоит. Ҳара ҳашҟа иаауеит атәылауаҩра аиуразы аԥышәара аҭиразы аԥсуа бызшәала ацәажәара зҵарц зҭаху ауаа.

Ҳара акурсқәа рымҩаԥгара еиҿаҳкааит, уи азы ааԥхьара иаҳҭеит аԥышәа змоу ААУ аҟынтәи арҵаҩы. Аметодика митәык иуадаҩӡам, агәыԥ иалоу зегьы аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысуа ргәаԥхоит. Зегьы аҽазыҟаҵарақәа гәахәарыла ирҭаауеит. Жьҭаарамза анҵәамҭазы актәи агәыԥ рҵара акурс хдыркәшараны иҟоуп, аԥышәа рҭиуеит, анаҩс урҭ асертификат рыҭахоит. Атәылауаҩра азы аԥышәара ауаа уи ашьҭахь, аиустициа Аминистрраҿы ирҭиуеит», – ҳәа еиҭалҳәеит лара.

Гәында Кәыҵниа  лажәақәа рыла, акурсқәа анеиҿыркаауаз дара хықәкыс ирыман урҭ аинтерес аҵаны, аԥсуа бызшәа аҵараҿы хра аланы, алҵшәа бзиа аарԥшра алшоны аҟаҵара. 

«Ҳара ҳҽазаҳшәоит  убас ала ҳус аиҿкаара, ауаа акурсқәа рахь аныҟәареи абызшәа аҵареи ргәаԥхо иҟаларц, урҭ урокқәак рышьҭахь рҽазыҟаҵарақәа ааныжьны имцаларц. Абызшәа егьа иуадаҩзаргьы, уи аҵаразы агәазыҳәареи иахәҭоу аҭагылазаашьақәеи аҭыԥ роур, усҟан, жәаҳәарада иарбоу ахықәкы нагӡахоит. Ҳара Аԥсны иқәынхо зегьы аҳәынҭқарратә бызшәа рдыруазарц  ҳҭахуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит аспециалист. 

Аԥсуа  бызшәа  аҿиара иадҳәалоуп ихадоу ҩ-проблемак  – аԥаратә хархәагақәеи аспециалистцәеи разымхареи.

«Ҳара ҳҳәынҭқарра ус еиԥш алшара амаӡам аусшәҟәқәа реикәыршареи аусеилыргареи, аусуратә шәҟәеимадара зегьы аԥсышәала амҩаԥгара аиҿкааразы. Жәлар Реизара-Апарламент аилатәарақәа зегьы аԥсышәала имҩаԥысуазароуп, уи ззымдыруа рзы, асинхронтә еиҭагара еиҿкаазароуп», – ҳәа лгәаанагара лҳәеит Гәында Кәыҵниа.

Аусбарҭа аҿы амультфильмқәа аԥсуа бызшәахьы рдублиаж аҟаҵара ахшыҩзышьҭра ду арҭоит. Аԥсуа бызшәахь здублиаж ҟаҵоу 11 мультфильм ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа ахәаԥшыҩцәа идырбахоит. Мультфильмк 12 минуҭ ирҭагӡоуп. Ҳаԥхьаҟа иазԥхьагәаҭоуп аԥсуа мультфильмқәа раԥҵара, аха уи акыр еиҳа иуадаҩхоит, насгьы еиҳа ахарџь ацлоит. 

«Ҳара адублиаж аганахьала аԥышәа бзиа ҳамоуп, астудиа ыҟоуп, хара имгакәа аԥхьарбара ҳҽазыҟаҳҵоит», –  ҳәа илҳәеит лара.

Иара убас, Гәында Кәыҵниа аусбарҭа ахәыҷтәы сахьаркыратә литература, аметодикатәии лабҿабатәии ацхыраагӡақәа, аҵаратә интерактивтә ахәыҷтәы планшетқәа, ацҵақәа, аудиошәҟәқәа, ицәажәо анбан, алабҿабатә цхыраагӡақәа, уҳәа рҭыжьра иазку аусура шынанагӡо азы адырра ҟалҵеит.

Иара убас, аусбарҭа аҿы аԥсуа тапонимика азҵаарақәагьы аус рыдырулоит. Атапонимикатә хьыӡқәа рзы иҷыдоу акомиссиа аԥҵоуп.

«Ҳара еиқәыршәаны иҳамазароуп агеографиатә хьыӡқәа реестр, ҳара иаҳҭахуп аспециалистцәа. Ари даара иуадаҩу, зымҽхак ҭбаау усуроуп, уи аџьабаа маҷымкәагьы иацуп.  Аԥсныҟа иааз ауаҩы Аԥсны дшыҟоу еиликаауазароуп. Аԥсуа хьыӡқәа рытранскрипциеи реиҭагареи ирыдҳәаланы апроблемақәа маҷымкәа ыҟоуп, избан акәзар ҳара аспецификатә ҟазшьа змоу ашьҭыбжьқәа ҳамоуп», - ҳәа илҳәеит лара.

Гәында Кәыҵниа иара убас атәыла аҿы аҳәынҭқарратә бызшәеи аӡыргеи  рзы азакәанқәа лассы-лассы еиларгоит ҳәа иазгәалҭеит.

«Аӡырга аларҵәара аҳәынҭқарратә бызшәала, иаҭаххоны иҟалар аурыс бызшәалеи англыз бызшәалеи имҩаԥгазароуп, аха убри аан аԥсуа шрифт егьырҭ раасҭа еиҳазароуп. Аҭыԥ хадаҿы игылазароуп аԥсышәала иҟаҵоу аҩырақәа. Аҵыхәтәантәи аамҭазы акәзар, аилагарақәа даара ирацәаны аҭыԥ роуа иалагеит. Ҳара ахылаԥшратә фунциақәа ахьҳамам инамаданы, аилагарақәа раарԥшраан апрокуратура Хада ахь уи азы адыра ҟаҳҵар ҳалшоит. Ҳара аӡырга азы азакәан еилазгаз ахараԥса дыршәара азин ҳамаӡам», – ҳәа илҳәеит лара.

2023 шықәсазы аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы аҳәынҭқарратә Усбарҭа аҿы абарҭ апроектқәа рынагӡара алыршахеит:

– аԥсуа бызшәа ирласны аҵара акурсқәа;

– аофициалтә усшәҟәқәа реиҭагара, аусеилыргара, аусшәҟәқәа реикәыршареи иара убас иҷыдоу атерминологиеи аԥсуа бызшәахьы аиҭагара;

– анбан «Аԥсуа бызшәа ихәыҷӡақәоу рзы. Ицәажәо анбан» аелектронтә версиа аԥҵара;

– апрограммақәа раԥҵара, аинтерактивтә рҵагашәҟәқәеи аҵаразы атехникатә хархәагақәеи аҵаратә хархәага «Аԥсуа бызшәа» (имариаӡоу алагаратә ҩаӡара) рҭыжьра;

– ашколнӡатәи ақәра иаҵанакуа ахәыҷқәеи аиҵбыратә классқәа рҿы аҵара зҵо ахәыҷқәеи рзы аудиошәҟәқәа рҭыжьра;

– амульфильмқәеи асахьаркыратә фильмқәеи рдублиаж аҟаҵара;

– асахьақәа рыла еиқәыршәоу ажәар «Сара раԥхьатәи сышәҟәы» аҭыжьра;

– Аԥсышәала алабҿабатә хархәагақәа «Ахәыҷтәы планшетқәа» рҭыжьра;

– П. Бебиа авторс дызмоу аԥсышәала иҩу ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа реизга «Амра ԥхоит» аҭыжьра;

– А. Мықәба ахәыҷқәа рзы ииҩыз алакә-апиеса

«Ажьа-афырхаҵа» аҭыжьра»;

– Г. Кәыҵниа авторс дызмоу ашколнӡатәи ақәра иаҵанакуа ахәыҷқәа рзы сахьала еиқәыршәоу аизга «Асааҭи аамҭеи» аҭыжьра;

– В. Ҵнариа авторс дызмоу аиҵбыратә классқәа рҿы аҵара зҵо ахәыҷқәа рзы сахьала еиқәыршәоу ажәеинраалақәа реизга «Сыԥсадгьыл амра» аҭыжьра;

–Г.Х.Андерсен авторс дызмоу, сахьала еиқәыршәоу, аԥсшәахь еиҭагоу алакәқәа реизга ҭыжьуп (еиҭеигеит С. Зыхәба);

– Г. Сақаниа авторс дызмоу, ԥшшәы еилаԥсала ашәыгақәа зцу ажәеинраалақәа реизга «Ашәҭқәа рашәа» аҭыжьра.

 

 

 


Read 416 times - Ахәаша, 03 Абҵара 2023 23:43
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.