pressadmin-2
ИМҨАԤЫСИТ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДЕИ АԤЫЗА-МИНИСТР ИХАҬЫԤУАҨ СЕРГЕИ ПУСТОВАЛОВИ РЕИԤЫЛАРА
Аҟәа. Жьҭаарамза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аҳәынҭқарра Ахадеи аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалови реиԥылара
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ареспубликаҟны амобилизациатә зыҟаҵара аиӷьтәразы заатәи ахәшьареи абжьгарақәа разырхиареи рымҩаԥгара иазку аусуратә гәыԥ ахантәаҩы, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов далархәны аиԥылара мҩаԥигеит.
АСЛАН БЖЬАНИЕИ МИХАИЛ ШУРГАЛИНИ РЕИԤЫЛАРА МҨАԤЫСИТ
Аҟәа. Жьҭаарамза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниеи Михаил Шургалини реиԥылара мҩаԥысит.
Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иҟоу Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин дидикылеит.
Ирылацәажәеит аҩ-ҳәынҭқаррак реилибакаара арӷәӷәара хықәкыс измоу аҩганктәи аусеицура азҵаарақәа.
АБЛАБАРА АДИАГНОСТИКА АЗЫ ЕИҬАҴУА АКОМПЛЕКС ЖЬҬААРАМЗА 3 – 4 РЗЫ ҬҞӘАРЧАЛ АҚАЛАҚЬ АҾЫ АУС АУЛОИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аблабара адиагностика азы еиҭаҵуа акомлекс жьҭаарамза 3 – 4 рзы Ҭҟәарчал ақалақь аҿы аус аулоит.
Апациентцәа рыдкылара мҩаԥыслоит Ҭҟәарчал ақалақь араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿаԥхьа асааҭ 09:00 инаркны 17:00 рҟынӡа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара Аминистрра иҟанаҵаз аҳәарала, аҳақьым Шаталов ихьӡ зху аклиника ареспубликаҟа иаанашьҭит арефракциатәии ахәыҷтәи офтальмохирургцәа. Убри иабзоураны иахьа алшара ыҟоуп 6 шықәса зхыҵхьоу ахәыҷқәа рыблабара агәаҭара адиагностика аҟаҵара азы.
Урыстәылатәи офтальмологцәа Аԥсны русура аамҭа иалагӡаны игәарҭахьоу ауаа рхыԥхьаӡар иахьазы 445-ҩык рҟынӡа инаӡоит.
Аҷаларатә чымазарақәа змоу апациентцәа рыдкылара мҩаԥысӡом.
НОВОСИБИРСКТӘИ АКОМАНДА АХАЦӘА АВЕТЕРАНЦӘА РКОМАНДАҚӘА РЫБЖЬАРА АМҴӘЫШӘМПЫЛ АЗЫ ИААРТУ АРЕСПУБЛИКАТӘ ТУРНИР АҾЫ АИААИРА АГЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 2 рзы Аҟәа ақалақь аҿы ихыркәшахеит амҵәышәмпыл азы ахацәа аветеранцәа ркомандақәа рыбжьара IX Иаарту ареспубликатә турнир. Атурнир 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш иазкны имҩаԥган.
Атурнир аикәыршаратә система ала хәымш ирылагӡаны Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ аҿы имҩаԥысуан. Атурнир рхы аладырхәит Аԥсны, Новосибирск, Волгоград, Черкесск, Новороссиск, иара убас Славианск-на-Кубани рҟынтәи акомандақәа..
АԤСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ АДЕЛЕГАЦИА АОФИЦИАЛТӘ ВИЗИТЛА МОСКВАҞА ИНАӠЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 2 рзы Москваҟа, аофициалтә визитла инеит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аделегациа. Уи напхгара аиҭоит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба. Аҳаирбаӷәаза Шереметиево аҟны аԥснытәи аделегациа дырԥылеит Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Неверов.
Аԥсны апарламенттә делегациа аилазаараҿы иҟоуп: Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршба, аграртә политикеи аԥсабаратә ресурсқәеи аекологиеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Демур Гогиа, аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы алахәыла Инар Гыцба, Жәлар Реизара-Апарламент Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниа.
АԤСНЫ ЖӘЛАР РЫКӘАШАРЕИ РЫШӘАҲӘАРЕИ РЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АНСАМБЛЬ XXI АҞАЗАРА АЗҞАЗАЦӘА ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ РФЕСТИВАЛЬ «АҬЫНЧРА КАВКАЗ АЗЫ» АХЫ АЛАНАРХӘУЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи рзы аҳәынҭқарратә ансамбль Ротов-на-Дону ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоу XXI аҟазара азҟазацәа жәларбжьаратәи рфестиваль «Аҭынчра Кавказ азы» ахы аланархәуеит.
Ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы – Аԥсны Аҳәынҭқарра жәлар рартист, Ҟарачы-Черқессиатәи Ареспублика жәлар рартист Валери Ҭаниа.
Абалетмеистер хада – Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист Леонид Какачиа.
«Жәларбжьаратәи аҟазара афестиваль «Аҭынчра Кавказ азы» – ари амилаҭтә традициақәа, ақьабзқәа, аҵасқәа реиҭарҿиареи реиқәырхареи, милаҭла ирацәоу, еиуеиԥшым арегионқәа рҟынтәи ажәларқәа реидкылара алзыршо акакәны иҟоуп. Афестиваль акультуратә еимадарақәа рыҿиареи рырҭбаареи иацхраауеит, Алада Урыстәыла ажәларқәа ркультура еизааигәанатәуеит. Аҟазара азҟазацәа рфестиваль «Аҭынчра Кавказ азы» аиҩызареи аимабзиаратә еизыҟазаашьақәеи рырӷәӷәара азы акыр аҵак ду амоуп», - ҳәа иазгәаҭоуп афестиваль апресс-релиз аҿы. Афестиваль «Аҭынчра Кавказ азы» рхы аладырхәуеит аетнографиатә, афольклортә, авокалтә, аинструменталтә, ахорелграфиатә коллективқәеи, еиуеиԥшым ажанрқәа рыла зхатәы милаҭтә культура аӡыргара мҩаԥызго хазы игоу анагӡаҩцәеи.
ЖЬҬААРАМЗА 2 РЗЫ ГАГРА АҚАЛАҚЬ ҚЫРҬТӘЫЛА АҲӘЫНҬСОВЕТ АРХӘҬАҚӘА РҞЫНТӘИ АХАҚӘИҬТӘРА АМШ 30 ШЫҚӘСА АХЫҴИТ. .
Аҟәа. Жьҭаарамза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 2 рзы Гагра ақалақь Қырҭтәыла аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра амш 30-шықәса ахыҵит.
Жьҭаарамза 2,1992 шықәса рзы Аԥснытәи арратә хәҭақәа хатәгәаԥхарала еибашьуаз рыцхыраарала Гагра ахақәиҭтәразы қәҿиарала ажәылара мҩаԥыргеит, жьҭаарамза 6 рзы –Аԥсны Аҩада-Мраҭашәаратәи ахәҭа зегьы ахы иақәиҭхеит. Ари Аԥснытәи архәҭақәа раԥхьатәи риааира акәын.
Аҭоурыхҭҵааҩы Уаликәа Ԥачлиа ишәҟәы «1992-93 шш. Қырҭтәылеи Аԥсни реибашьра» аҿы ишыиҩуаз ала, «аӷа итанкқәа, иабџьар, иџьаԥҳаны, уҳәа зегьы кажьны дхьаҵны Гьечрыԥшьҟа ихы ирхеит. Анаҩс аҿагылаҩцәа рыхәҭак еиԥхьытта абнареи ааигәа-сигәа иҟаз ақыҭақәеи рҿы рҽырҵәахит, егьырҭ, ирымаз абџьар ааныжьны Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәаа иахыҵны ицеит. Жьҭаарамза 6, 1992 шықәса рзы, асааҭ 6, 40 минуҭи рзы Ԥсоу ала ицо Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы иахашәыршәырит Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ.
АҞӘА АҚАЛАҚЬ АМҲАЏЬЫРАА РЫԤШАҲӘА АҾЫ АԤСНЫ АИААИРЕИ АХЬЫԤШЫМРЕИ РЫМШНЫҲӘА АЗГӘАҬАРА ИАЗКНЫ АКОНЦЕРТ МҨАԤЫСИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 1, 2022 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Цәыббрамза 30 рзы С.У. Багаԥшь ихьӡ зху аплошьад аҿы имҩаԥысит Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа иазку аконцерт.
Аплошьад артистцәа ақәгылара иалагаанӡа акыр шыбжьаз аизара иалагахьан. Згәалаҟазаара бзиаз ауаа имыццакӡо Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа ала инеиуааиуан. Ааигәа-сигәа иҟоу акаҳуажәырҭақәеи ақьафурҭақәеи зегьы ауаа рыла иҭәын, ианыхәла ажәҩан ахь еилыԥхо ихалеит «ажәҩантә фанарқәа». Аиҿырцаара аҟыбаҩ злоу ацыганцәагьы ари аныҳәа рҽазыҟарҵазаап, урҭ ишырдыруа ала ирласны амаркетингтә ҭҵаара мҩаԥганы изҭаху зегьы ираадырхәон еилаарцыруа ампыл хәыҷқәа ажәҩан иалазҵо аимҿаԥақәа (арогатка) – уи збаз ахәыҷқәа ргәырӷьара ҳәаа амаӡамызт.
Амшгьы Аҟәа ақалақь ауааԥсыра ргәырӷьара арманшәаларц иашьҭоушәа икаԥха-каҷҷон: иҭышәынтәалаз аҳауа аԥхарреи амшынынтәи ихааӡа иасуаз аԥшаласи аҭаацәа џьоукы иӡҟыз рхәыҷқәагьы раагара азы алшара рынаҭон. Гәахәара дула иузгәамҭар алшомызт араҟа зцәа зтәымыз аҳәасақәеи, иара убас зықәрахь инеихьоу ауааи шырацәаз.
ЛАША АШӘБА: «АХАҚӘИҬРЕИ АХЬЫԤШЫМРЕИ ХӘЫ ЗМАМ ҲАЖӘЛАР РШЬАЛА ИКӘАБОУП».
Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны жәлар Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу сыуаажәлар! Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа!
Аԥсны иҿыцӡоу аҭоурых аҿы ари аныҳәа иҷыдоу аҭыԥ ааннакылоит. Ҳҳәынҭқарра аҭоурых ианылеит 1992–1993 шш. Аџьынџьтәылатә еибашьра 413 фырхаҵаратә мшы.
Ахақәиҭреи ахьыԥшымреи хәы змам ҳажәлар ршьала икәабоуп. Зықьҩыла Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи, ҳажәлар ашәарҭара ду ианҭагыла иҳацхраарц хатәгәаԥхарала иааз ҳашьцәеи Ҳаԥсадгьыл ахьчара рхы ақәырҵеит. Хара наунагӡа ҳгәалашәараҿы иаанхоит рыжәҩахыр еибыҭа аӷа хәымга иҿагыланы еибашьуаз, Аиааира зхы ақәызҵаз афырхацәа», - ҳәа иаҳәоит адныҳәалара аҿы.
АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АИААИРЕИ АХЬЫԤШЫМРЕИ РНЫҲӘАМШ АЗГӘАҬАРА ИАЗКНЫ ИМҨАԤГАН АМАЛАНЫҞӘАТӘ ЕИԤХНЫҨЛАРА.
Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа азгәаҭара иазкын Аҟәа ақалақь, Леон Имҩаду аҟынтәи иалагаз амаланыҟәатә еиԥхныҩлара.
Амаланыҟәарныҟәцаҩцәа рымҩа хан Аҟәа ақалақь Ахадара ахыбра ахьгылоу аҟынтәи Аладатәи Ешыра иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал аҟынӡа.
Акциа 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амшныҳәа 29-шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкуп.
«Ҳара имҩаԥааго акциа рхы аладырхәуеит 50-ҩык инарзынаԥшуа ауаа. Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа – Аԥсны амаланыҟәцаҩцәа реилазаареи Аԥсны аҿари аспорти рзы Аҟәа ақалақь Ахадара аусбарҭеи роуп. Ҳара ас еиԥш амаланыҟәатә еиԥхныҩларақәа уажәаԥхьагьы изныкымкәа имҩаԥаагахьеит. Ҳаԥхьаӡагьы ҳара ари есышықәсатәи атрадициа анагӡара ҳгәы иҭоуп.