АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Нанҳәа.2023

Адгәыр Ашәба Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп.

Аҟәа. Нанҳәамза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Адгәыр Ашәба  Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩыс иҟаҵара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

«Ашәба Адгәыр Мераб-иԥа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵазааит», - ҳәа иаҳәоит нанҳәамза 1 азы иҭыжьыз Аусԥҟа атекст аҟны.

Аҳәынҭқарра Ахада иқәҵарала Ашәба Адгәыр Мераб-иԥа Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы дақәыиҭтәуп.

Адгәыр Ашәба 2020 – 2023 шш. рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩыс аус иуан.


Read 148 times - Ахәаша, 04 Нанҳәа 2023 11:00
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.