АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Нанҳәа.2023

Анас Кьышьмариа: азинхьчаратә усбарҭақәа Наҭииа Бахтаӡе хабарда лыбжьаӡра иадҳәалоу аҭагылазаашьа аҭҵаара мҩаԥыргоит.

Аҟәа. Нанҳәамза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азакәанмчы змоу Анас Кьышьмариа ашәахьа, ԥхынгәымза 31 рзы дылҭааит Гал инхо Иамзе Агәмаа. Уи ԥхынгәымза  31, 2023 шықәсазы лыԥҳа Наҭииа Бахтаӡе хабарда лыбжьаӡра инамаданы азинхьчратә усбарҭақәа рахь иаарту ааԥхьара ҟалҵеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Лусбарҭа апресс-маҵзура.

Анас Кьышьмариа Иамзе Агәмаа длыҿцәажәо, Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәеи лареи  иааиԥмырҟьаӡакәа аимадара шрыбжьоу, насгьы урҭ ирымоу алшарақәа зегьы Наҭииа Бахтаӡе лыԥшааразы рхы ишадырхәо азы адырра лылҭеит.

Азинхьчаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа иҟарҵо адыррақәа рыла, уажәазы дара аоперативтә информациақәак рымоуп, аха уи макьаназы аларҵәара ҟалаӡом, избан акәзар уи аԥшааратә усура аҷыдарақәа ирыдҳәалоуп.

Анас Кьышмариа Иамзе Агәмаа ауаҩы хабарда ибжьаӡра Аԥсны азы арезонанс зцу хҭысны ишыҟоу, атәыла азинхьчаратә усбарҭақәа иҟоу аҭагылазаашьа аҭҵаара ҭакԥхықәра дула ишазнеиуа лзеиҭалҳәеит. ҳәа  илалҳәеит.


Read 147 times - Ахәаша, 04 Нанҳәа 2023 11:02
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.