АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Нанҳәа.2023

Ахәыҷтәы лагерь «АԤЕИԤШ» аусура хнаркәшеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Агәыҳалалратә уаажәларратә еиҿкаара «Кьиараз» аусзуҩцәеи аволонтиорцәеи Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы Фонд (ЮНИСЕФ) Аҟәатәи аофис иҟанаҵаз ацхыраарала, ԥхынгәымзазы ахәыҷтәы лагерь «Аԥеиԥш»  аусура еиҿыркааит. Араҟа рыԥсы ршьеит Агәыҳалалратә уаажәларратә Еиҿкаара «Кьиарази» аҭаацәеи ахәыҷқәеи рсоциалтә цхыраара азы Амаҵзуреи рҟынтәи асоциалтә дгылара зауа Аԥсны еиуеиԥшым араионқәа рҟынтәи  30 - ҩык ахәыҷқәа.

Ахәыҷқәа алагерь аҿы ҩымчыбжь рыԥсы ршьон, уи аамҭа иалагӡаны дара аԥсшьараамҭа ахгареи арҿиаратә дыррақәа рырҳареи рзы алшара роуит. Алагерь аиҿкааҩцәа алекциақәеи амастер-классқәеи мҩаԥыргеит, иара убас Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа рахь аекскурсиақәа мҩаԥыргеит.

Ахәыҷқәа иара убас акоманда аҿы аусура рҵеит, рылшарақәа рыҿиареи рсоциалтә дыррақәа реизырҳареи рзы иманшәалоу аҭагылазаашьа рзаԥҵан. 

Агәыҳалалратә уаажәларратә Еиҿкаара «Кьиараз» акоманда Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы Фонд (ЮНИСЕФ) Аҟәатәи аофис, Аԥсны Аҳәынҭқарратә Университет азеиԥшнхарҭа «Абхазуниверсалторг», абзазаратә химиа адәқьан «Босфор»,  ахәаахәҭратә  ҩны «НАТАЛИ», Аԥсны Иԥшьоу Аметраполиа, Афонҿыцтәи аҳаԥы Ахадара, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра, уҳәа егьырҭ аиҿкаарақәеи хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәеи ахаҿқәеи ахәыҷтәы лагерь «Аԥеиԥш» аиҿкаараҿы   иҟарҵаз ацхыраареи Аԥснытәи ахәыҷқәа рыҿиара аҿы рлагареи рзы иҭабуп рҳәеит.

Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы Фонди Агәыҳалалратә уаажәларратә Еиҿкаара «Кьиарази» апартниорцәа рыцырхырааны  Аԥсны ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчара иазку аусура иацырҵоит. Уи ахықәкы хаданы иҟоуп ахәыҷқәа зегьы рыҿиара азы ирзеиԥшны еиҟароу алшарақәеи азинқәеи раԥҵара.


Read 141 times - Ахәаша, 04 Нанҳәа 2023 11:04
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.