2022-тәи ашықәс, аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы Афонҿыцтәи аҳаԥы иаҭааз рхыԥхьаӡара зынӡа 197 069-ҩык рҟынӡа иҵаӡон, иҭагалоу аԥаратә хархәагақәа рзеԥш еицҵалыҵ 131 млн. 238 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит; Риҵатәи ареликттә милаҭтә Парк зынӡа иаҭааит 334 685-ҩык, иҭагалаз аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 205 млн. 026 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит.
02.Нанҳәа.2023
Ажьырныҳәамза 1 инаркны Афонҿыцтәи аҳаԥы иаҭааит 186 нызықьҩык инареиҳаны, аӡиа Риҵа – 278 нызықьҩык инареиҳаны.
Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса, ажьырныҳәамза 1 инаркны нанҳәамза 1 аҟынӡа Г.Смыр ихьӡ зху Афонҿыцтәи аҳаԥы акомплекс иаҭааз рзеиԥш хыԥхьаӡара зынӡа 186 053-ҩык рҟынӡа инаӡоит, иҭагалоу афинанстә лагалақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 130 млн. 237 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟалеит атуризм Аминистрра аҟынтәи.
Убас, Риҵиатәи ареликттә милаҭтә парк 2023 шықәса, ажьырныҳәамза 1 инаркны нанҳәамза 1 аҟынӡа иаҭааз рхыԥхьаӡара 278 462-ҩык рҟынӡа инаӡоит, иҭагалоу афинанстә лагалақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 183 млн. 925 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.