АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Нанҳәа.2023

Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль «Аԥсны Оpen 2023» Аҟәа ақалақь аҿы аусура иалагеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. XX Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир «Аԥсны  Оpen 2023» Аҟәа ақалақь, Анатоли Карпов ихьӡ зху ашахматтә школ аҿы иаатит.

Атурнир аартуа, Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа апрезидент Константин Ҭыжәба, ари афестиваль 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵреи Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара ҟалеижьҭеи 15-шықәса аҵреи ирызкуп ҳәа иазгәеиҭеит.  

Иара аспортсменцәа атурнир аартра рыдиныҳәалеит. «Ари абар шьҭа 20 шықәса инеиԥынкыланы есышықәса имҩаԥгахо атурнир ауп. Уи амҩаԥгара 2008 шықәсазгьы, Аахыҵ Уаԥстәыла аибашьра анцозгьы еиԥымҟьаӡеит, иара убас акоронавирустә ҿкы чымазара апандемиа аныҟазгьы ҳара турниркгьы бжьамыжькуа ҳааит», – ҳәа еиҭеиҳәеит Константин Ҭыжәба.

Константин Ҭыжәба иажәақәа рыла, атурнир рхы аладырхәуеит Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи ахәыҷқәа, урҭ еибадыруеит, еиҳа еизааигәаны иҟалоит, аимадара бзиа рыбжьалоит, насгьы ашахматтә ӷәы аҿы еиндаҭлар рылшоит.

Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым ақәратә категориақәа ирыҵанакуа ашахматистцәа рзы атурнирқәа мҩаԥгахоит:

атурнир Д – 8-шықәса зхымҵыц аспортсменцәа рыбжьара (2015 шықәса рзы иизи урҭ иреиҵбууи),

атурнир С – 10-шықәса зхымҵыц аспортсменцәа рыбжьара (2013 шықәса рзы иизи урҭ иреиҵбууи),

атурнир В – 12-шықәса зхымҵыц аспортсменцәа рыбжьара (2011 шықәса рзы иизи урҭ иреиҵбууи),

атурнир А – ихадоу.

Аҿари аспорти русқәақәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба убасҵәҟьа аиубилеитә турнир аартра инамаданы зегьы дрыдныҳәалеит.

«Гәахәара дууп ҳара зегьы ҳзы шәара ҳтәыла ахьӡала жәларбжьаратәи арена аҿы ақәгылара ахьшәылшо. Уи зыбзоуроу шәазыҟаҵаҩцәеи Аԥсны ашахматқәа Рфедерациеи ауп. Ҳара ҳзы акырӡа аҵанакуеит шәара еицырдыруа аспортсменцәаны шәҟалар, аха зегьы ирыцкуп шәуаа бзиақәаны шәҟаларц. Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиара дуқәа, шәыгәҭакқәа зегьы рынагӡара», - ҳәа иҳәеит Ҭарашь Ҳагба. Аԥсны абҩарҵәыреи аспорти зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Џьон Гәыбаз, Аԥсны еиуеиԥшым аспорт хкқәа рыла идуу жәларбжьаратәи атурнирқәа мҩаԥысуеит, урҭ иреиуоуп ашахматтә фестивальгьы ҳәа иазгеиҭеит.  

«Атурнир есышықәса Урыстәыла ақалақьқәа жәпакы рхаҭарнакцәа алархәны имҩаԥысуеит. Ари афестиваль есымша еиԥш уажәгьы, еиҿкааны имҩаԥысуеит, ҳаԥхьаҟа идуу жәларбжьаратәи атурнирқәа ирылахәхаша ашахматистцәа маҷымкәа иаанарԥшуеит», – ҳәа иҳәеит Џьон Гәыбаз.

Урыстәыла ашахматқәа Рфедерациа ахаҭарнак Алеқсеи Рыбински, иара имиссиа Аԥсни Урыстәылеи реизааигәатәра иадҳәалоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Сара даара бзиа избоит, Аԥсны, иахьа уи еиҳагьы сгәы алахеит, избан акәзар, сара сыблала избеит араҟа ашахматқәа Рфедерациа иҟанаҵо, ахәыҷқәа ишрызнеиуа, ашахматқәа рыҿиара азы иҟанаҵо.  Иазгәасҭар сҭахуп даҽакгьы. Иахьа ҳара араҟа иаабо аинвентарь аиашазы уаҵашьыцыртә иҟоуп.  Ахәыҷқәа, шәара адунеи аҿы иҟоу иреиӷьу афигурақәеи иреиӷьу аӷәқәеи рҿы шәыхәмаруеит, уи хымԥада еилышәкаауазароуп, патугьы шәзақәзароуп. Ҳара ааигәа имҩаԥаҳгон атурнир «Moscow Open», уаҟа иҟан аклеионкеи апластмасс иалху афигурақәеи», - ҳәа иҳәеит иара.  

Алеқсандр Рыбински аԥснытәи ашахматистцәа Ашықәс Ҿыц аламҭалазы имҩаԥгахо атурнир «Аҵаа Бабаду Ихраҿа» алахәхареи Ашықәс Ҿыц ашьҭахь имҩаԥгахо атурнир «Асҭыԥҳа лыхраҿагара» алахәхареи рзы ааԥхьара риҭеит.  

Уи инаҵшьны иазгәеиҭеит излауа ала ирацәаны Аԥснынтәи ашахматистцәа  Урыстәыла имҩаԥгахо еиуеиԥшым атурнирқәа ирылахәхаларц шиҭаху.

10-шықәса зхыҵуа атурнир алахәыла, Химки ақалақь аҿы инхо Иван Хабаков раԥхьаӡа акәны ихы алаирхәуеит Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир «Аԥсны Оpen», уи аиааира агара дақәгәыӷуеит.  

«Сара фы-шықәса анысхыҵуаз  нахыс ашахматқәа рыла сыхәмаруеит. Сара еиуеиԥшым атурнирқәа схы аласырхәхьеит, сыриааит 5 храҿак, имаҷымкәа амедалқәа соухьеит», - ҳәа иҳәеит Иван Хабаков.

Жә-шықәса зхыҵуа Евридика Михаилиди Санкт-Петербургынтәи дааит, лара атурнир «Аԥсны- Оpen» ҩынтә лхы алалырхәхьеит, хы-шықәса анылхыҵуаз инаркны ашахматқәа рыла дыхәмаруеит.

Амир Харчлаа 11 шықәса ихыҵуеит, уи ашахматқәа рыла ахәмарра ихы азцоижьҭеи  шықәсык инареиҳаны иҵуеит.  

«Сара ашахматқәа рыла ахәмарра даара исгәаԥхоит.  Иахьа сара аиааира сҽазкны сыҟоуп. Сара атурнир алахәылацәа зегьы ақәҿиарақәеи аманшәалареи рзеиӷьасшьоит», – ҳәа иҳәеит Амир Харчлаа.

Нанҳәамза 6 рзы афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны, ахәыҷқәа рзы еиҿкаахоит Аҟәа ақалақь архитектура абаҟақәа рахь аекскурсиа.  

Аусдкылаҩ Акоп Ирадиан 8, 10, 12 шықәса зхымҵыц  ақәратә категориақәа  ирыҵанакуа рыбжьара атурнирқәа рҿы аиааира зго  аԥаратә ҳамҭақәа ранеишьоит.  

Атурнир  хыркәшахоит  нанҳәамза 12 рзы.

 

 


Read 144 times - Ахәаша, 04 Нанҳәа 2023 08:21
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.