АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Нанҳәа.2023

Нанҳәамза 1 азы аинрал Уалид Маршьан иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуан 75 шықәса.

Аҟәа. Нанҳәамза 1, 2023. шықәса  Аԥсныпресс. Нанҳәамза 1 азы Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика иналукааша аруаҩ, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи аусзуҩ, аԥсуа диаспора ахаҭарнак, аинрал Уалид Маршьан Абаза иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуан  75 шықәса  (01.08.1948 – 14.10.2017 шш.)

Уалид Маршьан диит шьамтәылатәи ақалақь Аль-Кунеитра.  Уи далгеит Арратә академиа. 1967 шықәса инаркны абџьар кны Шьамтәыла аинтересқәа рыхьчаразы дгылан, шьамтәыла-израильтәи аибашьра далахәын, Мрагыларатәи Ливан атәылауаҩратә еибашьра далахәын.

Акыр шықәса инеиԥынкыланы Уалид Маршьан Шьамтәыла ашәарҭадара Амаҵзура аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. Ианиаамҭаз  иара атәыла Ахада, уажәтәи атәыла Ахада Башар Асад иаб Хафиз Аль-Асад хаҭалатәи ихьчаҩыс дыҟан. 

2005 шықәсазы уи ԥхьатәара дцеит, аха  2011 шықәсазы Шьамтәыла аибашьра аналага, иара хатәгәаԥхарала жәлар рҿагылара аотриад аԥиҵеит, уи иахьа уажәраанӡагьы иҟоуп. 2013 шықәсазы  Уалид Маршьан Башар  Асад напхгара зиҭо Арабтәи асоциалисттә  еиҭарҿиара Апартиа Аль-Кунеитра ақалақь аҿы иҟоу аҟәша напхгара аиҭон. Ари аҭыԥ аҿы уи диԥсахит иара иԥеиҳабы Халит Маршьан.

Шьамтәыла иҟоу аԥсуа диаспора активра злоу ахаҭарнак иаҳасабала иара аԥсуа жәлари шьамтәылатәи ажәлари реизааигәатәра аус азы иҟаиҵаз маҷӡам. Уалид Маршьан изныкымкәа Аԥсны даҭаахьан.

Уалид Маршьан Абаза иашьцәеи иареи раԥхьаӡа акәны Аԥсны иаҭааит 1982  шықәсазы. Уи ашьҭахьгьы иҭоурыхтә ԥсадгьыли  иареи реимадара мыӡит. Иашьеиҳаб Маҳмыд-Ҳаисам иԥа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра далахәын. Леон Иорден ианашьоуп.

Уалид Маршьан иҭаацәа Шьамтәыла ибзианы ирдыруеит. Хҩык аишьцәа Маршьанаа – Мамдыхә, Шарафи Уалиди аруаан.  

Уалид иашьеиҳабы Мамдыхә Маршьан Абаза Шьамтәыла Арра-ҳаиртә Мчқәеи аҳаиртә хыхьчаратә мчқәеи ркомандаҟаҵаҩыс дыҟан, аинрал-леитенант ҳәа арратә хьӡы ихын.   Дҭахеит 1982 шықәсазы, 42 шықәса шихыҵуаз.  Егьи иашьа Шараф Маршьан Абаза – арратә ҳақьымын, хынтә Шьамтәыла Апарламент адепутатс далырххьан. Уалид Џьансеҭ Казанба  убасҵәҟьа Шьамтәыла Апарламент адепутатс далырххьан.

Уалид Маршьан ихаҭа шьамтәылатәи ар раԥхьаӡатәи зегь реиҳа иқәыԥшу аинралны дҟалеит. Усҟан иара  31-шықәса ракәын ихыҵуаз.

Уалид Маршьан 69 шықәса дшырҭагылаз,  жьҭаарамза 14, 2017 шықәсазы, акыраамҭа ихьуаз ачымазара уадаҩ ашьҭахь иԥсҭазаара далҵит. Анышә дамадоуп Шьамтәыла аҳәынҭқарратә  усзуҩцәа  Рпантеон аҿы.

Ажьырныҳәамза 24, 2019 шықәсазы аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аԥсны аҳәынҭқарратә Еилакы ахыбра аҿаԥхьа иҟоу асквер аҿы иаартын иналукааша Уалид Маршьан ибаҟа.  Абаҟа автор  –  аԥснытәи аскульптор Витали Џьениа.

Лаҵарамза, 2021 шықәсазы Шьамтәылаҟа аофициалтә визит амҩаԥгараан Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа напхгара зиҭоз аԥснытәи аделегациа Уалид Маршьан иҭаацәа ирҭааит.  Уалид Маршан иԥа Халид Аслан Бжьаниа ҳамҭас ииҭеит иаб арратә академиа даналгоз ианаршьаз апараддтә афицартә ҟама. 

«Гәык-ԥсыкала азыҟазаара  шьақәырӷәӷәо, Аҟәа ақалақь, иабацәеи иабдуцәеи рыдгьыл аҿы Уалид Маршьан ибаҟа ахьышьақәыргылахаз азы иҭабуп ҳәа шәаҳәо, ҳара абри аҟама ҳамҭас ишәаҳҭоит.  Уи ҳара ҳзы акыр аҵак ду амоуп. Ҳара иаҳҭахуп ари аҟама Аҟәа иҟазарц», – ҳәа илҳәеит Уалид Маршьан иԥшәмаԥҳәыс Џьансеҭ Казанба.

Ԥхынгәымза, 2022 шықәсазы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Уалид Маршьан иҟама Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҿы ацәыргақәҵаразы иаиҭеит.

 

 


Read 149 times - Ахәаша, 04 Нанҳәа 2023 10:56
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.