pressadmin-2
АСЛАН БЖЬАНИА: «ИАХЬА ДАҼА ААМҬАНЫК ЕИԤШЫМКӘА ИАҬАХУП АИДГЫЛАРА, АЖӘҨАХЫР ЕИБЫҬАРА АԤСНЫ АИЗҲАЗЫӶЬАРА АХЬӠАЛА ҲАЗЕГЬЫ ҲАИДГЫЛАРАЛА ХЫҚӘКЫ ХАДАС ИҲАМОУ – ҲАЖӘЛАР АԤЕИԤШ, АНАСЫԤ РЫМАНЫ ИҾИО АҞАҴАРА ҲАЛШОИТ.
Аҟәа . Цәыббрамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 30 рзы 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 29 шықәса ахыҵит. Ари амш аҽны Аԥсны иазгәарҭоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ауаажәлар зегьы, раԥхьаӡа иргыланы аветеранцәа ари аныҳәамш рыдиныҳәалеит.
«Ари аҽны ҳара иаҳгәалаҳаршәоит ҿыц игыло абиԥарақәа рԥеиԥш лаша ахьӡала игылаз, уи зхы ақәызҵаз, фырхаҵарала иҭахаз зегьы. Урҭ рыхьӡ кашәара ақәым! Ахааназы ргәалашәара лаша ҳацзаауеит Аԥсны аизҳазыӷьаразы зхы иамеигӡаз зегьы хаҭа-хаҭала», - ҳәа иазгәаҭоуп Аҳәынҭқарра Ахада аԥсуа жәлар рахт иҟаиҵаз адныҳәалара атекст аҿы.
Аслан Бжьаниа иуаажәлар аҭынчреи аизҳазыӷьареи ахирреи рзеиӷьаишьеит.
*** АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА АИААИРЕИ АХЬЫԤШЫМРЕИ РЫМШНЫҲӘА ИНАМАДАНЫ ИҞАИҴАЗ АДНЫҲӘАЛАРА
Ҳаҭыр зқәу ҳауажәлар! Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа! Акыр иаԥсоу аҩызцәа!
Ишәыдысныҳәалоит милаҭрацәала еилоу ҳажәлар зегьы рзы аныҳәақәа ирныҳәоу – Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш!
413 ҵхи-мши еихсыӷьрада ицон Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра. Ари аибашьра иаҳцәалаӡит иреиӷьыз ҳҵеицәа, арԥарцәа, аҭыԥҳацәа. Еиҭаҳәашьа амам Аԥсны ахьчаҩцәа иаадырԥшыз афырхаҵара.
Ҳфырхацәа, ҳаибашьцәа ирыбзоураны Аԥсны ақәӡаара иацәыхьчан, еиқәырхан.
Аԥсуа жәлар ирывагылан жәҩахыреибыҭарала егьырҭ ажәларқәа рхаҭарнакцәагьы, Аԥсадгьыл ахьчаразы игылеит ҳџьынџьуаа – амҳаџьырқәа рхылҵшьҭрақәа.
Хаз ҷыдала иалыскаар сҭахуп Нхыҵ Кавказ аҟнытә иаҳзааз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа. Аԥсуаа ахаан ирхашҭраны иҟаӡам ҳашьцәа адыгақәа, ачерқьесцәа, абазақәа, ауаԥсаа, аҟабардақәа, аингәышцәа, ачеченцәа, даӷьысҭанаа, уҳәа егьырҭ ажәларқәа рхаҭарнакцәа рфырхаҵара.
Ахә ашьара уадаҩуп ақырҭуа фашизм аҿагылараҟны, аиааира аагараҿы шәара шәгәымшәара, шәыгәаӷьра.
АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ОЧАМЧЫРА АРАИОН МЫҚӘ АҚЫҬАН ЖӘЛАР РНЫҲӘАТӘ УСМҨАҦГАТӘ ДАҬААИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион Мықә ақыҭан жәлар рныҳәатә усмҩаԥгатә даҭааит.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира амшныҳәа аламҭалазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа жәлар рныҳәеи аҽырҩрақәеи ахьымҩаԥысуаз. Мықә ашҭа даҭааит.
Аҳәынҭқарра Ахада ицын Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы - Лаша Ашәба, Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Аиҳабыра алахәылацәа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа.
ИРЕИҲАӠОУ АМИЛИЦИА АШКОЛ АКУРСАНТЦӘА «АФЫРХАЦӘА РЫМҨАЛА» ИАНЫСИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу Иреиҳаӡоу амилициа ашкол арҵаҩцәеи акурсантцәеи, ааӡаратә усура Аусбарҭеи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аинформациеи ауаажәларратә еимадареи рыҟәшеи аусзуҩцәа, Каман ақыҭантәи Аҟәа ақалақь, Ахақәиҭра ашҭанӡа апатриоттә акциа «Афырхацәа рымҩала» ианысит.
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра асаит иҟанаҵо адыррақәа рыла, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи Еибашьра аан имҩаԥысуаз аибашьратә хҭысқәа раарԥшра, аҿар Аԥсуа ар аибашьцәа ахьеибашьуаз, иахьҭахоз аҭыԥқәа дырбара, дара анаҩс раамышьҭахь еиҵагыло абиԥара ирызнаргарц, Аиааира агара иахҭну атәы рырдырра ауп акциа ахықәкы хаданы иҟаз.
Ари акциа ала заԥхьаҟа иафицарцәаны иҟалараны иҟоу арԥарцәа хамеигӡарала зыԥсадгьыл зыхьчоз, уи ахақәиҭра зхы ақәызҵаз рахь ирымоу аҳаҭырқәҵара аадырԥшит.
Акциа алахәылацәа Иашҭхәа ақыҭаҿы иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәеит. Араҟа аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра азы иҭахаз аибашьцәеи атанкистцәеи рбаҟа шьақәыргылоуп.
Амҩан Иреиҳаӡоу амилициа ашкол акурсантцәа шьапыла имҩасит, аӡы ирит.
Афырхацәа рымҩала акциа иалахәыз рыиасра хыркәшахеит Аҟәа ақалақь Ахақәиҭра Ашҭаҿы. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба акурсантцәа дрыдныҳәалеит.
АӠБАРАТӘ ЕКСПЕРТИЗАҚӘА РЗЫ АРЕСПУБЛИКАТӘ АНАУКАҬҴААРАТӘ ИНСТИТУТ Ф-ҨЫК АУСЗУҨЦӘА ИХЬЫԤШЫМКӘА АӠБАРАТӘ ЕКСПЕРТИЗАҚӘА РЫМҨАԤГАРА АЗЫ АЗИН РОУИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аиустициа Аминистрра аҟны иҟоу аӡбаратә експертизақәа рзы Ареспубликатә наука-ҭҵааратә Институт аҿы аексперт-квалификациатә комиссиа аԥҵоуп.
Аиустициа аминистр Анри Барцыц аексперт-квалификациатә комиссиа аилатәара ихы алаирхәит. Араҟа имҩаԥысит ихьыԥшымкәа аӡбаратә експертиза амҩаԥгара азы азин аиура азы аҳәынҭқарратә ӡбаратә експертцәа раттестациа мҩаԥысит.
АԤСНЫ ЖӘЛАР РКОНГРЕСС АНАГӠАРАТӘ КОМИТЕТ АԤСНЫ АУС ЗУА АУААЖӘЛАРРАТӘ ЕИҾКААРАҚӘЕИ АПОЛИТИКАТӘ ПАРТИАҚӘЕИ ЗЕГЬЫ РАХЬ ААԤХЬАРА ҞАНАҴЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2022. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 27 рзы имҩаԥысыз Аԥсны жәлар Рконгресс аилатәара аҿы Аԥсны иҟоу ауаажәларратә еиҿкаарақәеи аполитикатә партиақәеи зегьы рахь ааԥхьара рыдыркылеит. Уи атекст иаҳәоит:
«Аԥсны жәлар Рконгрес (АЖәР) ҳтәыла аҩныҵҟа имҩаԥысуа аполитикатә процессқәа рзы агәҭынчымра аанарԥшуеит.
Ҳара Аԥсны ажәлар иалырхыз аҿиара амҩа, уи адемократиатә хәдуқәа иахьадгыло ҳаҭыр ақәаҳҵоит, еилаҳкаауеит уи адемократиатә мчра ашьақәгылара азы ишхымԥадатәиу ауаажәларратә еиқәшаҳаҭра.
Аԥсны иҿыцӡоу аҭоурых аԥышәа излаҳнарбо ала, агәаанагарақәа рыхкырацәара ҳауаажәларра рыла есымша хьаҳә-хьачарада инагӡахон. Атәылауааи аполитикатә мчрақәеи ихьыԥшымкәа, ԥымкрада ахатәы гәаанагара аарԥшра азы ирымоу азин нанагӡон.
Ҳара ҳастратегиатә партниор, ҳшәарҭадара жәларбжьаратәи агарантс иҳамоу –Урыстәылатәи Афедерациа Донецктәи Жәлартә Республикеи Лугансктәи Жәлартә Республикеи иқәынхо аҭынч уааԥсыра рыхьчара иазкны жәабранмза 24, 2022 шықәса рзы иалагеит, иахьа уажәраанӡагы имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда. Цәыббрамза 21, 2022 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Владимир-иԥа Путин Урыстәыла Арбџьармчқәа рыҟны ихарҭәаам амобилизациа рылеиҳәеит.
АԤСНЫ АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АМИНИСТРРА АҞНЫ АТӘЫЛА АҨНЫҴҞА ИШЬАҚӘГЫЛАЗ АЕПИДЕМИОЛОГИАТӘ ҬАГЫЛАЗААШЬЕИ АҲҬНЫҚАЛАҚЬ АМЕДИЦИНАТӘ УСБАРҬАҚӘА РУСУРЕИ ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аҟәа ақалақь амедицинатә усбарҭақәа рҳақьым хадацәа алархәны аиԥылара мҩаԥигеит.
Аиԥылараҿы ирылацәажәеит атәыла аҩныҵҟа ишьақәгылаз аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи иара убас аҳҭнықалақь аҿы ирласу амедицинатә цхыраара аусуреи, Ареспубликатә ахәыҷтәы хәышәтәырҭеи Аҟәа ақалақь аинфекциатә хәышәтәырҭеи русура иадҳхәалоу азҵаарақәа жәпакы.
Аҳақьымцәа иазгәарҭеит иааизакны акоронавирустә ҿкы чымазара злаҽыз рхыԥхьаӡара аиҵахара ишалагаз, COVID-19 злаҽыз ачымазаҩцәа, ахәыҷқәагьы уахь иналаҵаны, Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада ахь рнагара иадҳәалоу аусура шымҩаԥысуа иалацәажәеит, амедицинатә персонал разымхара шыҟоу азгәарҭеит, иара убас ахәышәтәырҭақәа инацҵаны аиқәыршәагақәеи ирласу амедицинатә цхыраара амашьынақәеи рыла аиқәыршәара азҵаарагьы иалацәажәеит.
АСЛАН БЖЬАНИА: «ҲАРА АРЕСПУБЛИКА БЕЛОРУС АХАДА ИААРА АГӘЫӶРА ДУҚӘА АДАҲҲӘАЛОИТ».
Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ареспублика Беларус Ахадеи иареи реиԥыларазы ахҳәаа ҟаиҵеит.
Ихыркәшоуп Пицунда аҳәынҭқарратә дачаҟны имҩаԥысуаз Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Ареспублика Беларус Ахада Александр Лукашенкои реиԥылара.
«Ареспублика Беларус Ахада Александр Лукашенко Ихьыԥшым Аԥсны Аҳәынҭқаррахь раԥхьатәи иаароуп. Ари авизит акыр агәыӷрақәа адаҳҳәалоит. Агәра згоит ари аиԥылара иабзоураны ҳаизыҟазаашьақәа еиҳа иццакны аҿиара ишалаго. Ҳара ҳрылацәажәеит аекономикатә ҟазшьа змоу азҵаарақәа жәпакы. Сгәы иаанагоит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Беларус Ареспубликеи иахьа ишьақәгыло реизыҟазаашьақәа аҿиара бзиа роуеит ҳәа", - иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ АПАРЛАМЕНТ АДЕПУТАТЦӘА ДЫРԤЫЛЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқандр Анқәаб иахьа Апарламент адепутатцәа Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Фазлыбеи Аҩӡба, Кан Кәарҷиа, Левон Галустиан, абиуџьеҭи акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь, Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа дырԥыло Аҟәа араион абиџьеҭ ашьақәыргылара иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы дрылацәажәеит.
Аиԥылара аҿы адепутатцәа абиуџьеҭтә зҵаарақәак рзы ргәаанагарақәа рҳәеит, урҭ атәыла афинансқәа рминистр иҟынӡа инагахоит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.
АԤСНЫ АМИНИСТРЦӘА РЕИЛАЗААРА АҾЫ АДГЬЫЛ АХАРХӘАРА ИАДҲӘАЛОУ Ҩ-ЗҴААРАК РЗЫ АӠБАМҬАҚӘА РЫДЫРКЫЛЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 27 рзы имҩаԥысыз Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы Ԥсахара ақыҭан иҟоу 1,10 гектар рҟынӡа инаӡо адгьыл ахәҭа «ақыҭанхамҩатә зкызаара змоу адгьыл» акатегориа аҟынтәи ауааԥсыра хазхаҭалатәи анхарҭаҭыԥқәа рыргылара азы «аиланхарҭатә пунктқәа рзы адгьыл» акатегориа ахь аиагаразы Гагра араион Ахадара иаланагалаз ажәалагала аҟәшаҳаҭхара азы ақәҵара рыдыркылеит.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылхархәареи акадастри рзы Аусбарҭа анапхгаҩы Адамыр Аҳәба.
Ақәҵара азинмы аиуоит иарбоу адгьыл категориак аҟынтәи даҽа категориак ахь аиагара азҵаара Апарламент аҟны ақәшаҳаҭра анаиулак ашьҭахь.
Аминистрцәа Реилазаара иара убас Гагра араион Ахадара азин анаҭеит Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Хомс» асасааирҭатә ҟазшьа змоу аобиект аргыларазы Пицунда ақалақь аҿы иҟоу, зҵакыра 0,23 гектар рҟынӡа инаӡо адгьыл ахәҭа есымшатәи ахархәаразы аҭара. ЗҲӘА «Холмс» хыдҵас иадуп:
– иарбоу адгьыл ахәҭа аҿы археологиатә ҭҵаарақәа рымҩаԥгара азы Аԥсны акультура Аминистрра аҟынтәи ақәшаҳаҭра аиура;
– апроектнӡатәи адокументациа астадиа аҟынтәи аекологиатә експертиза амҩаԥгара алыршара;
– аобиект анџьнертә коммуникациақәа рыла аиқәыршәареи аҭыԥантәи арыцқьаратә шьақәгыларақәа рышьақәыргылареи;
– апроектҟаҵара анормақәеи аԥҟарақәеи инарықәыршәаны аобиект ахь уназго амҩақәа разԥхьагәаҭара;
– иазоужьхо аҵакыра ариаҵәара азԥхьагәаҭара;
– аргыларатә усурақәа рымҩаԥгараан аобиект иахьаҵанакуа иҟоу аҵиаақәа реиқәырхареи ахылаԥшра рыҭареи алыршара;
АПАРЛАМЕНТ АДЕПУТАТЦӘА АҬЫԤАНТӘИ АМЧРА АУСБАРҬАҚӘА РХАҬАРНАКЦӘА ИРԤЫЛЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҭыԥантәи амчра аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа ирԥылеит. Аиԥылара рхы аладырхәит ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа, атәылахьчара Аминистрра, ақалақьтә Еизарақәа, иара убас арратә акомиссариатқәа рхаҭарнакцәа, ҳәа иаанацҳауеит Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура.
Аиԥылара аартуа, Лаша Ашәба еизаз Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра Амши иааиуа аныҳәамш –Аиааиреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымреи Рымши рыдиныҳәалеит.
«Иахьатәи ҳаиԥылара ҳастратегиатә партниор – Урыстәылатәи Афедерациа иҟны ишьақәгылаз аҭагылазаашьақәа ирыдҳәадоуп. Иҟоу аҭагылазаашьаҿы ҳаргьы агәҽанызаара ааҳарԥшуазароуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Апарламент Аиҳабы иҳаҩсыз амчыбжь азы имҩаԥысыз ареспублика ашәарҭадара Ахеилак аилатәара атәы еиҭеиҳәеит. Аилатәара аихшьаалақәа рыла аминистрцәа Реилазаара аҟны амобилизациатә ҽазыҟаҵара аиӷьтәра азы абжьгарақәха реиқәыршәареи заанаҵтәи ахәшьара рыҭареи рзы аусуратә гәыԥ аԥҵоуп. Уи напхгара аиҭалоит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов.