Ҭеимураз Миквабиа абылтәы ахәԥса азҳара атенденциа иара Урыстәыла аҩныҵҟатәи аџьармыкьаҿгьы иумбар залшом ҳәа иазгәеиҭеит.
«Аҩныҵҟатәи аџьармыкьа аҳәынҭқарратә ԥаразоужьра амеханизмқәа шыҟоугьы, аҵыхәтәантәиы ҩымчыбжь рыла 92-тәи абылтәы ахәԥса ҩ-мааҭк рыла ихалеит», – ҳәа Ҭеимураз Миквабиа иажәақәа аанагоит амедиа-агентра Sputnik- Аԥсны.
Амедиа-агентра Sputnik-Аԥсны акорреспондент диҿцәажәо аҳәынҭқарратә Еилазаара «Аԥсны-Оил» адиректор Хада Олег Лакоба, урыстәылатәи анефтусдуларатә зауад дуқәа асезонтә усурақәа рзы раркра ашьҭахь, аҭирахьы ицәыргахо абылтәы амҽхак акыр иагхеит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Абиржагьы уи инашьашәаланы анырра аиуит – аресурсқәа азхаӡом – ахәқәа халоит.
«Рыцҳарас иҟалаз, нанҳәамза инаркны ҳара ҳбылтәыҭаҭәарҭатә станциақәа рҿы (Автомобилтә былтәыҭаҭәарҭатә Станциа «Ахәырбӷьыц» - Аредакциа азгәаҭара) абылтәы ахкқәак рзаҵәылаҭиратә хәыԥсақәа шьҭаҳамхыр ада ԥсыхәа ҳмоуӡеит. Уи Урыстәылатәи Афедерациаҿы абылтәы ахәԥса иаалырҟьаны иахьышьҭыҵыз ауп изыдҳәалахаз. Иҟоу абылтәы зегьы, есышықәса 100 нызықь тонн инареиҳаны Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи ауп иаахәаны иахьаарго. Даҽа аагарҭа ҭыԥқәа ҳаманы иҟам», - ҳәа иҳәеит Олег Лакоба.
Абылтәы ахәԥса ашьҭыхра зыхҟьаз афакторқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аиҳарак автомашьынақәа рыла Урыстәыла аҩныҵҟа атуристцәа рныҟәара ацлара, уи инамаданы абылтәы ахархәара акыр аизҳара.
Олег Лакоба иажәақәа рыла, уажәы Урыстәыла аекономика Аминистрреи афинансқәа Рминистрреи Амонополиаҿагыларатә Комитети еиуеиԥшым аекономикатә методқәа рыла аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара азы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит, аха убри аан ирласны алҵшәақәа раарԥшра азыԥшра аҭахӡам.
«Аџьармыкьа аҭаххрақәа рхарҭәаара азы аҭыжьыҩцәа раалыҵ абиржа ала ирҭиша абылтәы ахыԥхьаӡара анормативқәа рацҵара азԥхьагәаҭоуп. Аха уи зегьы иалкаау азакәанԥҵаратә процедурақәак ирхысроуп», -ҳәа иазгәеиҭеит Олег Лакоба.
Аҳәынҭқарратә Еилазаара «Аԥсны-Оил» адиректор Хада Олег Лакоба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, абылтәы Аи-92 ахәԥса фымз рыла 59% рыла иацлеит.
Уажәы абылтәыҭаҭәарҭатә станциақәа рҿы абылтәы АИ-92 литрак 51 мааҭ иркуеит, АИ-95 - 61 мааҭ. Адизельтә былтәы ахәԥса шыҟац иаанхоит.
Олег Лакоба игәаанагарала, ахәқәа рышьҭыҵра даҽа 1-1,5 мзы еиҵамкәа имҩаԥыслоит. Анаҩс иҟалар алшоит урҭ маҷ-маҷ алаҟәра иалагаргьы.
Ахәҭакахьала, Аԥсны аекономика Аминистрра Урыстәыла апрофилтә хылаԥшырҭақәа алархәны аахәаратә хәыԥсақәа рыларҟәра азҵаара азы аконсультациақәа мҩаԥнагоит, анефтьаалыҵқәа рыла ианаамҭоу аиқәыршәареи ахәԥсатә кониуктура аҭышәынтәалареи иадҳәаланы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ахылаԥшра анаҭоит, ҳәа иазгәеиҭеит атәыла аекономика аминистр лхаҭыԥуаҩ Ҭеимураз Миквабиа.
Уажәы, Аԥсны абылтәытә еилазаарақәа рхаҭарнакцәа ишазгәарҭо ала, ареспублика иахьаҵанакуа изеиԥшразаалак абылтәы азымхара ыҟаӡам.