АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Нанҳәа.2023

Аԥсны Урыстәыла атәылауаа рҭаарала аҩбатәи аҭыԥ ааннакылоит.

Аҟәа. Нанҳәамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса, ажьырныҳәамза инаркны рашәарамзанӡа Урыстәылантәи 11,6 млн. инарзынаԥшуа еиуеиԥшым ахықәкқәа рыла аҳәаарныцәҟа аныҟәарақәа мҩаԥган, уи  иҳаҩсыз ашықәс азы аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭазы имҩаԥгаз аныҟәарақәа рхыԥхьаӡара аасҭа 30%  рыла еиҳауп, ҳәа Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа ахь азхьарԥш ҟаҵо, адырра ҟанаҵоит Интерфакс.

Аныҟәарақәа рхыԥхьаӡарала актәи аҭыԥ аҿы игылоуп – Ҭырқәтәыла, уахь ҳазҭоу ашықәс актәи азыбжазы идәықәлеит 2,3 млн. ҩык Урыстәыла атәылауаа. Уи шықәсык аԥхьа, аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы иҟаз ахыԥхьаӡара аасҭа  65%  рыла еиҳауп.

Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылоит Аԥсны – 2,1 млн. рҟынӡа аҭаарақәа, уи  шықәсык аԥхьа, аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы иҟаз ахыԥхьаӡара аасҭа  8% рыла еиҳауп.

Ахԥатәи аҭыԥ аҿы игылоуп – Ҟазахсҭан –  1,35 млн. рҟынӡа аҭаарақәа, уи  шықәсык аԥхьа (2022шықәса), аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы иҟаз ахыԥхьаӡара аасҭа  76% рыла еиҳауп.  

Аԥшьбатәи аҭыԥ ааннакылоит Еиду Арабтәи Емиратқәа – 882,7 нызықь  рҟынӡа аҭаарақәа, уи  шықәсык аԥхьа (2022шықәса), аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы иҟаз ахыԥхьаӡара аасҭа 91% рыла еиҳауп. 

Ахәҩбатәи аҭыԥ аҿы игылоуп Египет – 578,6 нызықь рҟынӡа аҭаарақәа, уи  шықәсык аԥхьа (2022шықәса), аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы иҟаз ахыԥхьаӡара аасҭа 35% рыла еиҳауп.  


Read 281 times - Аԥшьаша, 03 Нанҳәа 2023 11:55
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.