АЖӘАБЖЬҚӘА

31.Ԥхынгәы.2023

Аҳазылхратә ԥыԥшырҭа “Ԥсоу” аҿы аконтрабаҭла асигареҭ аиагара аԥхьырҟәҟәаара алыршахеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 31, 2023 шықәса, Аԥсныпресс. Аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аусзуҩцәа аҳазылхратә гәаҭара азона «Ԥсоу» иахьаҵанакуа, автомашьынатә хырхарҭа «Експорт»" аҿы Урыстәылатәи афедерациа атәылауаҩ зыԥсҟы икыз автомашьына агәаҭара мҩаԥыргеит. Амашьына асалон аҿы ирыԥшааит иагьимырхит аҭаҭын аалыҵ -  4 760 цыра, уи аҟазаара азы аԥшәма ила заанаҵы изеиԥшразаалак адырра ҟаҵамызт.

Иарбоу административтә зинеилагара азы аматериалқәа зегьы аусеилыргара аҳәаахәҭара ала Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аҳазылхратә усеилыргарақәеи аҭҵаарақәеи рыҟәша ахь идәықәҵоуп.


Read 271 times - Ашәахьа, 31 Ԥхынгәы 2023 18:49
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.