АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Нанҳәа.2023

Едуард Быҭәба Асанитар-епидемиологиатә Станциа ала азеиԥшкрыфара аобиектқәа рсанитартә хылаԥшра арӷәӷәара азы адҵа ҟаиҵеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәбзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Ареспубликатә санитар-епидемиологиатә маҵзура  аҳақьым хада Алла Белиаева далархәны аилацәажәара мҩаԥигеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара апресс-маҵзура. 

Алла Белиаева аминистр асанитартә маҵзура аусура азы адырра илҭеит. Аминистр иҟаиҵаз адҵа ала Асанитар-епидемиологиатә Маҵзура Аҟәа ақалақь, азеиԥшкрыфара аобиектқәа рҿы асанитартә нормақәа рықәныҟәара аганахьала ареидтә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥнагоит.  «Ақалақь Асанитар-епидемиологиатә Станциа ари азҵаара аганахьала аусура мҩаԥнагоит, иахьатәи амш азы асанитартә еилагарақәа рзы 8 ԥкаанҵа  еиқәыршәоуп, азеиԥшкрыфарҭақәа рыԥшәмацәа ахараԥсақәа ршәар акәхоит», - ҳәа адырра ҟалҵеит аҳақьым хада.

Едуард Быҭәба азеиԥшкрыфара аобиектқәа зегьы асанитартә нормақәа хымԥада ирықәныҟәар шахәҭоу азы ргәырҽаниҵеит.

«Ҳара акурорттә сезон аилашымҭа ҳҭагылоуп, атәыла азеиԥшкрыфарҭақәа ирҭаауа асасцәеи ауааԥсыреи рсанитартә шәарҭадара хымԥада иалыршазароуп».

Алла Белиаева аминистр амшынӡы ахаҭабзиара азы адырра илҭеит. Уи лажәақәа рыла, атәыла араионқәа зегьы рҿы арбагақәа анормақәа ирықәшәо иаауеит.  

«Афон Ҿыц аҟынтәи амшынӡы агәаҭарақәа атехникатә мзысқәа ирыхҟьаны имҩаԥаҳамгеижьҭеи мышқәак ҵуеит. Агәаҭарақәа рылҵшәақәа уаҵәы иҟалароуп», -ҳәа илҳәеит лара.

Асанитар-епидемиологиатә Станциа аҳақьым хада иара убас аҿкы чымазарақәа рзы адырра ҟалҵеит. Аҿытә вирустә чымазара (ротавирус) алаҽра азы арбагақәа ишаҳдырбо ала, иарбоу аҿкы чымазара аарԥшра есышықәсатәи астатистикатә дыррақәа иреиҳаны иҟам. Акоронавирустә ҿкы чымазара акәзар,  аҵыхәтәантәи амыз азы ирацәаны аларҵәара азы афактқәа аарԥшӡамызт,  Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ус еиԥш ачымазара змоу апациентцәа астационартә хәышәтәра иахысӡом.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз Едуард Быҭәба ареспублика араионқәа зегьы, аиҳарак акурорттә қалақьқәа рҿы аус зуа азеиԥшкрыфаҭақәа рсанитартә гәаҭара арӷәӷәара азы адҵа ҟаиҵеит.


Read 567 times - Аԥшьаша, 03 Нанҳәа 2023 15:40
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.