АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Нанҳәа.2023

Очамчыра араион Ахадара аҿы аџьатә леишәа азҵаарақәа рзы аилатәара мҩаԥыргеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа аҟәшақәа, аусбарҭақәа, уҳәа егьырҭ ахылаԥшырҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны, араион Ахадара аусзуҩцәа рыла аџьатә леишәа анагӡара азҵаарақәа рзы аилатәара мҩаԥигеит. Абри атәы аанацҳауеит  Ochamchira_inform.

Изаамҭанытәиим  аилатәара мҩаԥган асааҭ 17:00 рзы. Анапхгаҩцәа реиҳараҩык русураҿы ишыҟазгьы, араион ахада зегьы аџьатә дисциплина шеиларымгаша азы ргәырҽаниҵеит. Аусуратә еилатәара анымҩаԥысуаз аамҭазы зусураҿы иҟамыз аилыркаага рыҩыр акәхоит.

Беслан Бигәаа иара убас анапхгаҩцәа зегьы рахь ихы рханы доусы напхгара зырҭо аҟәшақәеи аусбарҭақәеи рҿы аџьатә дисциплина иахәҭоу ахылаԥшра арҭаларц иҳәеит, уи иара убас ас еиԥш агәаҭарақәа иааиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥыслоит ҳәа иазгәеиҭеит.  


Read 649 times - Аԥшьаша, 03 Нанҳәа 2023 15:07
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.