АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Нанҳәа.2023

Аԥсны аимҳәаршә зыхьуа рхыԥхьаӡара аизҳара иаҿуп.

Аҟәа. Нанҳәамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аимҳәаршә зыхьуа рхыԥхьаӡара аизҳара ишаҿу умбар залшом. Абри азы Аԥсныпресс ахь адырра ҟалҵеит атәыла асанитартә ҳақьым Хада Алла Белиаева.

Алла Белиаева иҟалҵаз адыррақәа рыла, 7-мыз рыла аимҳәаршә рыдбалан 61-ҩык, урҭ рахьынтә  56-ҩык ахәыҷқәа роуп,  5-ҩык адуцәа роуп.   Ари ачымазара рылаҽуеит ахәыҷқәа реиԥш алаҵа змам аиҳабацәагьы.

«Иҟоуп аҭаацәа рҿы аиҳабацәа алаҵа аҟаҵара ақәранӡа имнаӡац ахәыҷқәа иандырхьуагьы», –  ҳәа илҳәеит Алла Белиаева.

Алла Белиаева ишазгәалҭаз ала, аимҳәаршә – ари даара иуадаҩу ахәыҷтәы чымазароуп, аха алаҵала уи аҭышәнтәалара ауеит. Ауаа алаҵа рымазар, усҟан ари ачымазара рыхьӡом, ирыхьыргьы имарианы иалҵуеит.

«Аҭаацәа рахь даара аҳәара ду ҟасҵоит ари ачымазара хырҩа ашәымҭарц.  Избан акәзар уи ианаамҭоу, насгьы иахәҭоу ала ахәышәтәра амоур, ахәыҷы иԥсҭазаара далнахыргьы ауеит», –  ҳәа ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟалҵеит атәыла асанитартә ҳақьым Хада.

 


Read 689 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.