АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Нанҳәа.2023

Наҭииа Бахтаӡе лышьра инамаданы ашьаусеилыргара хацыркуп.

Аҟәа. Нанҳәамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.   Нанҳәамза 2 рзы Гал араион апрокуратура  1995 шықәса рзы ииз Бахтаӡе Наҭииа Гәырам-иԥҳа лышьра инамаданы ашьаусеилыргара хацнаркит. Абри азы адырра ҟанаҵоит апрокуратура Хада апресс-маҵзура.

Мышқәак раԥхьа азинхьчаратә усбарҭақәа дрыдҵаалеит Гал ақалақь аҿы инхо Иамзе Агәмаа. Уи лыԥҳа хабарда дшыбжьаӡыз азы адырра ҟалҵеит, лыԥшаараҿы ацхыраарагьы даҳәеит.

Гал араион апрокуратура, атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аоперативтә маҵзурақәа алархәны  имҩаԥнагаз аусеилыргара-оперативтә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны, ԥхынгәымза  28, 2023 шықәсазы Очамчыра ақалақь аҿы инхо,  1998 шықәсазы ииз Ҵәыџьба Аинар Ҭамаз-иԥа Гал ақалақь аҿы, автомашьына«Lexus» GX 470 (ашәҟәҭагаларатә дырга К605КК АВН) аҩныҵҟа гәҭакыла Наҭииа Бахтаӡе дшишьыз атәы еилкаахеит.

Ауаҩшьраҿы игәҩароу Ҵәыџьба Аинар иҟаиҵаз ацәгьоура аҿы ихара дақәшаҳаҭхеит. Уи иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ишьыз аԥҳәызба лыԥсыбаҩ аҵәахразы Егры аӡиас аҟны иҟоу Аӡфымцатә Станциа ахԥатәи аӡылбааҽҽа аҿы иӡааирҟәрылеит. Уажәы ишьу Наҭииа Бахтаӡе лыԥсыбаҩ аԥшааразы аԥшааратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит.

Аинар Ҵәыџьба Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаусеилыргаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 99, ахәҭа  1 иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура (Ауаҩшьра) анагӡараҿы дыгәҩараны дыԥхьаӡоуп.


Read 667 times - Аԥшьаша, 03 Нанҳәа 2023 17:12
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.