АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Нанҳәа.2023

Мызкала Аҟәа ақалақь аҿы иаарԥшхеит 1400 инарзынаԥшуа акьатеи ҿкы чымазарақәа рылаҽра иадҳәалоу ахҭысқәа.

Аҟәа. Нанҳәамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы зегьы реиҳа акьатеи ҿкы чымазара зыхьыз ауаа рхыԥхьаӡара шьақәыргылахеит. Уи – 1426 –ҩык рҟынӡа инаӡоит, урҭ рахьынтә –1119-ҩык ахәыҷқәа роуп.  Абри азы Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо адырра ҟалҵеит атәыла асанитартә ҳақьым Хада Алла Белиаева.  

Уи ишазгәалҭаз ала, ари ахыԥхьаӡара иалоуп егьырҭ араионқәа рҟынтәи апациентцәагьы, избан акәзар, аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳасабала аус ауеит.

«Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылоит Гагра ақалақь, уаҟа ари ачымазара зыхьыз рзеиԥш хыԥхьаӡара – 823-ҩык рҟынӡа инаӡоит, урҭ рахьынтә 669-ҩык ахәыҷқәа роуп», – ҳәа адырра ҟалҵеит Алла Белиаева.

Уи ишазгәалҭаз ала,  иааизакны акьатеи ҿкы чымазара алаҽра иадҳәаланы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иҳаҩсыз ашықәс азы иҟаз аҭагылазаашьа еиԥшны иҟоуп, иҟалап уажәы уи 10 – 20 хҭыс рыла еиҳазаргьы.  

«Аиҳарак ари ачымазара зыхьуа ахәыҷқәа роуп. Уи зыхҟьо – ахатәы гигиена аԥҟарақәа рынамыгӡара ауп. Акьатеи ҿкы чымазарақәа, фатәи-жәтәи рыла аиасра адагьы абзазара-еимадаратә мҩалагьы алаҽра мҩаԥысуеит», – ҳәа илҳәеит атәыла асанитартә ҳақьым Хада Алла Белиаева.

Уи иара убас  Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа ахь иадҵаалоит аиҳарак амбулатортә цхыраара азы ҳәа адырра ҟалҵеит. Ахәышәтәырҭаҿы астационартә хәышәтәразы ашьҭаҵара зықәшәо рхыԥхьаӡара митәык идуӡам.

«Ԥхынгәымза 1 – 25 рзы ахәышәтәырҭахь инаган, анаҩс астацинартә хәышәтәразы ишьҭаҵан 101-ҩык. Уи – иадҵаалоз зегьы рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи 10% инарзынаԥшуеит.  Аиҳарак иуадаҩу ахҭысқәа ракәӡам иуԥыло. Алаборатортә гәаҭарақәа раан апациентцәа реиҳараҩык ирзықәыргылахоит аҿтәы авирус (аротовирус) ҳәа изышьҭоу аҿкы чымазара азы адиагноз, анҩс, аҩбатәи аҭыԥ аҿы игылоуп – норовируси астровируси», – ҳәа илҳәеит Алла Белиаева.

Уи иҟалҵаз адыррақәа рыла, алабораториақәа уажәы рықәыӷәӷәара митәык идуӡам. Урҭ иаҭаххоны иҟалозар, амедицинатә усбарҭақәа абиоматериал шаарышьҭуа еиԥш, аусура амҽхак арҭбаара иазхиоуп.

Алла Белиаева нанҳәамза 1 азы амшынӡы агәаҭара мҩаԥган, ауаҩы изеицәоу авирус аарԥшӡам ҳәа адырра ҟалҵеит.


Read 689 times - Аԥшьаша, 03 Нанҳәа 2023 17:42
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.