АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Нанҳәа.2023

Бадра Гәынба Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа азгәаҭара аҽазыҟаҵара иазкны аилатәара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра  азгәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ  Бадра Гәынба Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба  Имемориал аҭеиҭыԥш арҽеира азҵаара иазкны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит. 

Иазԥхьагәаҭоуп иара убас ареспублика ақыҭақәа рҿы 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра ахҭысқәа ирызку абаҟақәа реиҭашьақәыргылара.

Аилатәара рхы аладырхәит атәыла акультура аминистр Даур Ақаҩба, Аԥсны Раԥхьатәи Ахада иԥҳа Мадина Арӡынба, Амемориалтә комплекси Аҳәынҭқарратә Еилазаара «Аԥсныргылара»   рнапхгараҭарақәа.  


Read 746 times - Аԥшьаша, 03 Нанҳәа 2023 18:33
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.