АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Нанҳәа.2023

Ҭеимураз Хьышба ҳаҭыр зқәу асас иаҳасабала Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара атәылақәа Рыхәмарақәа раартра ацеремониа ихы алаирхәраны дыҟоуп.

Аҟәа. Нанҳәамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хьышба ҳаҭыр зқәу асас иаҳасабала Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара атәылақәа Рыхәмарақәа раартра ацеремониа алахәхаразы Минск ақалақь ахь дцеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны атуризм Аминистрра апресс-маҵзура.   

Ареспублика Беларусь атуризми аспорти русхы аҿы аусеицура аҿиара, иара убас аҩ-ҳәынҭқаррак рыжәларқәа рыбжьара аилибакаареи традициала ишьақәгылахьоу аиҩызареи рырӷәӷәара  ахшыҩзышьра ду анаҭоит.

Аимабзиаратә спорттә еимадара ашьақәгылареи арӷәӷәареи, аҿар рымаха-шьахатәи рдоуҳатәи, иара убас рлеишәатә хра злоу аҟазшьақәа рыҿиареи рыгәҭакқәа рынагӡаразы ргәазҭазаара арӷәӷәареи хықәкыс иҟаҵаны, Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара иахьаҵанакуа абар шьҭа ҩынтәны имҩаԥгахоит Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара иалоу атәылақәа Рыхәмаррақәа.

Ахәмаррақәа раартреи раркреи иазку аныҳәатә церемониақәа мҩаԥгахоит нанҳәамза 5, 13, 2023 шықәса рзы.


Read 654 times - Ахаша, 30 Нанҳәа 2023 15:39
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.