АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Нанҳәа.2023

Амилициа аусзуҩцәа аҳәаанырцәтәи атәылауаа изакәанымкәа Аԥсны рыҟазаара иадҳәалоу 18 инарзынаԥшуа афактқәа шьақәдыргылеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәаанырцәтәи атәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи Аԥсны Аҳәынҭақарра иахьаҵанакуа рыҟазаара арежим анагӡара аганахьала административтә зинеилагарақәа раарԥшра иазкны имҩаԥгаз ареидтә усмҩаԥгатәқәа раан атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ауаажәларратә шәарҭадара Аусбарҭа, Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ауаажәларратә шәарҭадара амилициа аусзуҩцәа 18 инарзынаԥшуа азинеилагарақәа шьақәдыргылеит.

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, Аԥсны азакәанԥҵара аилагарала Аԥсны иқәынхо аҳәаанырцәтәи атәылауаа аҳҭнықалақь аҩыныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ахь инаган, уаҟа урҭ рганахьала административтә материалқәа еиқәыршәахеит.


Read 681 times - Аԥшьаша, 03 Нанҳәа 2023 18:59
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.