pressadmin-2
АИААИРЕИ АХЬЫԤШЫМРЕИ РЫМШНЫҲӘА АЗГӘАҬАРА ИАХКНЫ АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АТӘЫЛАХЬЧАРА АМИНИСТРРА АПАРАДТӘ ГӘЫԤҚӘА АНЫҲӘАТӘ ШЬАҾЕИҚӘШӘАЛА РЫИАСРА МҨАԤЫСИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа азгәаҭара инамаданы, Аҟәа ақалақь, Ахьӡ–Аԥша апарк иаваршәны инеиуа амҩаду ала атәылахьчара Аминистрра апарадтә гәыԥқәа аныҳәатә шьаҿеиқәшәала рыиасра мҩаԥысит.
Апарад идикылеит атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник Владимир Ануа. Аныҳәатә шьаҿеиқәшәала аиасра напхгара аиҭон атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-полковник Беслан Ҵәыџьба.
АСЛАН БЖЬАНИА АԤСНЫ АКТӘИ АХАДА ВЛАДИСЛАВ АРӠЫНБА ИМЕМОРИАЛ АМҴАН АШӘҬ ШЬЫҴӘРАҚӘА ШЬҬЕИҴЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 30 - Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи ирымшныҳәоуп.
АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ: ҲАРА ҲҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ШЬАҚӘГЫЛАРА АРӶӘӶӘАРЕИ ИҬЫШӘЫНТӘАЛОУ АҾИАРЕИ РҾЫ ЕИҴАГЫЛОУ АҾАР РЗЫ ИҾЫЦУ АИХЬӠАРАҚӘА ХЫМԤАДА ИАҲЗЫԤШУП.
Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны иқәынхо ажәлар зегьы ихадоу аҳәынҭқарратә ныҳәа – Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа рыдиныҳәалеит! *** ***
Ҳаҭыр зқәу сыуаажәлар, ишәыдысныҳәалоит ихадоу аҳәынҭқарратә ныҳәа – Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рныҳәамш!
Аиааира Амшныҳәа – ари есымша аамҭакала агәырӷьареи алахьеиқәреи зцу ныҳәоуп. Уахь инагаз амҩа акыр иуадаҩын, аӡәырҩы рыԥсҭазаарагьы ахҭынҵоуп.
Ажәлар рхақәиҭреи рхьыԥшымреи рзы иҭахеит зықьҩыла Аԥсны иреиӷьыз аԥацәеи аԥҳацәеи, иара убас Ҟабара-Балкариа, Чечентәи Ареспублика, Ҟарачы-Черкесиа, Аахыҵ-Уаԥстәылатәи Ареспубликеи Нхыҵ Уаԥстәылатәи Ареспубликеи, Адыгеиа, урыстәылатәи аказакцәа реилазаара, уҳәа рҟынтәи хатәгәаԥхарала аԥсуаа ирывагыланы еибашьуаз. Ҳаԥсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла уи ацхырааразы иааит аҳәаанырцәтәи ҳдеаспора ахаҭарнакцәа. Урҭ ргәалашәара наунагӡа ҳгәалашәараҿы иаанхоит.
АЛАН ГАГЛОЕВ АСЛАН БЖЬАНИЕИ АԤСНЫ ЖӘЛАРИ АИААИРЕИ АХЬЫԤШЫМРЕИ РНЫҲӘАМШ РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика Ахада Алан Гаглоев ҭелла Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Аԥсны жәлар зегьи Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа рыдиныҳәалеит.
АСЛАН БЖЬАНИА ДОНЕЦКТӘИ ЖӘЛАРТӘ РЕСПУБЛИКА, ЛУГАНСКТӘИ ЖӘЛАРТӘ РЕСПУБЛИКА, ЗАПОРОЖИАТӘИ ХЕРСОНСКТӘИ АОБЛАСТҚӘА РАДМИНИСТРАЦИАҚӘА РХАДАЦӘА ИРЫДИНЫҲӘАЛЕИТ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АИЛАЗААРАХЬ РЫДКЫЛАРАЗЫ АИҚӘШАҲАҬРА АҴАҨРА.
Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа Донецктәи Жәлартә Республика Ахада Денис Пушилин, Лугансктәи Жәлартә Республика Ахада Леонид Пасечник, Запорожиатәи аобласт Администрациа Ахада Евгени Балицки, Херсонсктәи аобласт Администрациа Ахада Владимир Сальдо ирыдиныҳәалеит Урыстәылатәи Афедерациа аилазаарахь рыдкыларазы аиқәшаҳаҭра аҵаҩра.
Иахьа, Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш аназгәаҳҭо, ҳадгьыл аҟны аҭоурыхтә иашара аиҭашьақәыргыла амш аҽны, гәахәара дула иҳадаҳкылеит Москва иҟалаз ахҭыс – Донецктәи, Лугансктәи Жәлартә Республикақәа, Запорожиатәи, Херсонсктәи аобластқәа Урыстәылатәи Афедерациа аилазаарахь рыдкыларазы аиқәшаҳаҭра аҵаҩра ахҭыс.
АСЛАН БЖЬАНИА ДОНЕЦКТӘИ ЖӘЛАРТӘ РЕСПУБЛИКА, ЛУГАНСКТӘИ ЖӘЛАРТӘ РЕСПУБЛИКА, ЗАПОРОЖИАТӘИ ХЕРСОНСКТӘИ АОБЛАСТҚӘА РАДМИНИСТРАЦИАҚӘА РХАДАЦӘА ИРЫДИНЫҲӘАЛЕИТ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АИЛАЗААРАХЬ РЫДКЫЛАРАЗЫ АИҚӘШАҲАҬРА АҴАҨРА.
Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа Донецктәи Жәлартә Республика Ахада Денис Пушилин, Лугансктәи Жәлартә Республика Ахада Леонид Пасечник, Запорожиатәи аобласт Администрациа Ахада Евгени Балицки, Херсонсктәи аобласт Администрациа Ахада Владимир Сальдо ирыдиныҳәалеит Урыстәылатәи Афедерациа аилазаарахь рыдкыларазы аиқәшаҳаҭра аҵаҩра.
Иахьа, Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш аназгәаҳҭо, ҳадгьыл аҟны аҭоурыхтә иашара аиҭашьақәыргыла амш аҽны, гәахәара дула иҳадаҳкылеит Москва иҟалаз ахҭыс – Донецктәи, Лугансктәи Жәлартә Республикақәа, Запорожиатәи, Херсонсктәи аобластқәа Урыстәылатәи Афедерациа аилазаарахь рыдкыларазы аиқәшаҳаҭра аҵаҩра ахҭыс.
АԤСНЫ АНАПХГАРА АХЬӠАЛА АИААИРЕИ АХЬЫԤШЫМРЕИ РНЫҲӘАМШ ИНАМАДАНЫ АДНЫҲӘАЛАРАҚӘА ААИУЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгара ахьӡала Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәеи 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы Аиаара агара Амш 29-шықәса ахыҵреи инарымаданы адныҳәаларатә шҟәқәеи ателеграммақәеи аауеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихьӡала Никарагуа Ахада Даниель Ортега, Ҭаҭарсҭан Ахада Русҭам Минниханов, Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә зинмчы змоу Ацҳааражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика Ахада Казбек Коков, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа анапхгаҩы Андреи Кудимов, Лугансктәи Жәлартә Республика Ахада Леонид Пасечник рҟынтәи адныҳәаларатә шәҟәқәеи ателеграммақәеи ааиуеит.
«Цәыббрамза 30 рзы иазгәарҭо Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымныҳәеи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 29- шықәса ахыҵреи инарымаданы, ҳара Ареспублика Никарагуа ажәлари амилаҭтә акзаареи аинаалареи рнапхгареи, хаҭала сара сыхьӡалеи гәадурала Шәара шәызхагыло ажәлари атәыла анапхгареи ари аныҳәамш ду инамаданы адныҳәалара шәыдышәкылар ҳҭахуп.
Ари агәалашәаратә, аҭоурыхтә рыцхә азы ҳара иазгәаҳҭоит аԥсуа жәлар иуадаҩӡаз аамҭа азы амилаҭ аиқәырхара, асуверенитети ахьыԥшымреи рыхьчара иазку иԥшьоу ақәԥараҿы иаадырԥшыз афырхаҵареи агәымшәареи агәаӷьреи. Ҳара ҩаԥхьа иҳарҵабыргуеит ҳажәларқәеи Ҳнапхгарақәеи еидызкыло аиашьаратә еимадара, аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа, аиҩызареи хра злоу аусеицуреи аринахысгьы рырӷәӷәара ҳшадгыло», - ҳәа иазгәаҭоуп Никарагуа Ахада иааишьҭыз адныҳәаларатә шәҟәы.
«Цәыббрмза 30, 1993 шықәса рзы афырхаҵара злоу Аԥсны жәлар ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы ашьаарҵәыратә қәԥара аҿы акыр иззыԥшыз аиааира агара рылшеит. Ари амш аԥсуа жәлар рфырхаҵареи рыгәаӷьреи рхачҳареи, аԥеиԥш бзиа агәазыҳәареи иасимволны иҟалеит.
АПАРТИА "АИҬАИРА", ИАРА УБАС АГӘЫҲАЛАЛРАТӘ ФОНД «ИАҲГӘАЛАШӘОИТ» АИААИРЕИ АХЬЫԤШЫМРЕИ РЫМШНЫҲӘА АЗЫ АДНЫҲӘАЛАРА ҞАРҴЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аполитикатә партиа «Аиҭаира, иара убас агәыҳалалратә фонд «Иаҳгәалашәоит» Аԥсны жәлар Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа рыдырныҳәалеит.
«Аԥсны иреиӷьу аԥацәеи аԥҳацәеи, иара убас Нхыҵ Кавказ, Алада Урыстәылеи, егьырҭ уи арегионқәеи, Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, уҳәа рҟынтәи иааз хатәгәаԥхарауаа рфырхаҵара агәалашәара, 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа ҳаҭырқәҵарала рызныҟәара – хаҭала ҳареи, еиҵагыло аҿари рҿаԥхьа ҭакԥхықәраны иҳадуп. Ирзеиӷьаҳшьоит зегьы агәабзиара, ахирра, аизҳазыӷьара, ақәҿиара дуқәа. Ишәҭыкакаҷлааит ҳтәыла ссир. Шәадныҳәалаз аныҳәа ду!», – ҳәа иаҳәоит апартиа «Аиҭаира» иҟанаҵаз адныҳәалара атекст.
«Агәыҳалалратә фонд «Иаҳгәалашәоит» Аԥсны жәлар Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа инамаданы ирыдныҳәалоит. Ҷыдала адныҳәаларақәа рызкуп – Аԥсны ашәарҭара ианҭагыла рашьцәа аԥсуаа ирыцхраарц хатәгәаԥхарала иааз аибашьцәа.
АХЬӠ-АԤША АПАРК АҾЫ АԤСНЫ ЖӘЛАР РЏЬЫНЏЬТӘЫЛАТӘИ ЕИБАШЬРА АҾЫ ИҬАХАЗ РМЕМОРИАЛ АМҴАН АШӘҬ ШЬЫҴӘРАҚӘА РЫШЬҬАҴАРА АЦЕРЕМОНИА МҨАԤЫСИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Қырҭтәыла аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра Амш 29 шықәса ахыҵуеит. Цәыббрамза 30 рзы Ареспублика аҿы Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа азгәарҭоит.
Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иадҳәалоу ацеремониа мҩаԥысит.
ЦӘЫББРАМЗА 30 – АԤСНЫ АИААИРЕИ АХЬЫԤШЫМРЕИ РЫМШНЫҲӘА АЗГӘАРҬОИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа. Ари амш аҽны аветеранцәа еизаны 29 - шықәса раԥхьа иҟаз ахҭысқәа ргәаладыршәоит, ирывыршьааз рҩызцәеи рашьцәеи рҳаҭгәынқәа ирҭаауеит.
Ашьыжь инаркны 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз ргәаладыршәарц азы Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк ахь инеиуеит хыԥхьаӡара рацәала ауаа.
Асааҭ 10:00 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аиааира Амш 29 - шықәса ахыҵра азгәаҭаразы Аԥсныҟа иааз аделегациақәа рхаҭарнакцәа 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз рҳаҭгәынқәа рҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵоит.
Асааҭ 11:00 рзы Ахьӡ-Аԥша апарк иаваршәны инагоу Аидгылара амҩаду ала атәылахьчара Аминистрра апарадтә гәыԥқәа шьаҿеиқәшәала рыиасра мҩаԥгахоит.
Асааҭ 12:10 рзы – Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан иҟоу, Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иадҳәалоу ацеремониа мҩаԥгахоит.
Асааҭ 13:20 рзы – Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭан иҟоу, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь иҳаҭгәын аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иадҳәалоу ацеремониа мҩаԥгахоит.
Асааҭ 15:00 рзы Аиааира Амш азгәаҭара иазкны амаланыҟәатә еиԥхныҩлара иалагоит. Амаршрут: Леон имҩаду №17 (Аҟәа ақалақь Ахадара ахыбра) инаркны А.Г.Арӡынба Имемориал (Алада Ешыра ақыҭа) аҟынӡа инеины шьҭахьҟа ихынҳәуеит.
Асааҭ 18:00 рзы Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы имҩаԥгахоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи ансамбль аныҳәатә концерт.
Асааҭ 20:00 рзы С.Багаԥшь ихьӡ зху аплошьад аҿы аԥсуа естрада артистцәа злаху аныҳәатә концерт мҩаԥысуеит.
Аԥсны зегьы иахьаҵанакуа еиуеиԥшым аныҳәатә гәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит.
29 шықәса раԥхьа, цәыббрамза 30, 1993 шықәса рзы Аԥсуа ар аибашьцәа аҳәаа иаԥну Егры ыӡиас аҟынӡа инаӡаны, уаҟа аԥсуа бираҟ ахадыргылеит.
413 мши-ҵхи ицоз ари ашьаарҵәыратә еибашьра Қырҭтәыла аҳәынҭсовет архәҭақәа раиааирала ихыркәшахеит.
Ареспублика аҿы иҟамзар ҟалап ҭаацәаракгьы ари аныҳәа гәырӷьара дула иахьазгәарымҭо. Ари амш аамҭак ала агәырӷьареи алаӷырӡи зцу ныҳәа дууп. Уи 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра ахырәшара амш ҳәа Аԥсны аҭоурых адаҟьақәа ирнылеит.