АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Жьҭаара.2023

Апарламент аҿы аҳәаанырцәтәи атәылауаа рзинтә ҭагылазаашьа азы азакәан иалагалахо аиҭакрақәа ирыхәаԥшит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы алахәылацәа «Аҳәаанырцәтәи атәылауаа рзинтә ҭагылазаашьа азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан аиҭакрақәа ралагалара азы» азакәан апроект иахәаԥшит. Аилатәара мҩаԥигон Аилак ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба.

Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, ирыҭоу анхаразы аршаҳаҭга азинмчы аҽҳәара хәы-шықәса рҟынтәи жәа-шықәса рҟынӡа ацҵареи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Апаспорттә Усбарҭеи уи атерриториалтә ҟәшеиҵақәеи рыла ирыҭахо аҳәаанырцәтәи атәылауаа Аԥсны иааиԥмырҟьаӡакәа ихымԥадатәиу ашықәсқәа ирылагӡаны рынхара зырҵабыргуа аусшәҟәқәа рсиа ашьақәыргылареи рзы ажәалагала ҟаҵоуп.  

Азакәан апроект алацәажәара рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Апарламент аҿы ихаҭарнак, атәыла аиустициа аминистр Анри Барцыц, Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Анас Кьышьмариа, атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнакцәа.

Аилацәажәара ашьҭахь, Аилак алахәылацәа Апарламент изаамҭанытәиу аилатәараҿы иарбоу азакәан апроект актәи аԥхьараҿы адкыларазы абжьгара аҟаҵаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.


Read 145 times - Ахаша, 01 Абҵара 2023 12:29
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.