Ацәыргақәҵа Урыстәылатәи амилаҭтә музыка амузеи адиректор хада Михаил Брызгалов аиубилеитә рыцхә - амузыкант дуқәа иижьҭеи 150-шықәса аҵра иазку илекциа ала иаатит.
Ахәылԥаз мҩаԥысит Берлин ақалақь иҟоу анаукеи акультуреи Урыстәылатәи Аҩны аҿы.
Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 27, 2023 шықәсазы Берлин ақалақь аҿы ацәыргақәҵа «Сергей Рахманинов - Фёдор Шаляпин: параллели и пересечения» аӡыргара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.
Германиа иҟоу Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнак Хьыбла Амҷба М.И. Глинка ихьӡ зху Берлинтәи Аилазаарала еиҿкааз аусмҩаԥгатә лхы алалырхәит.