Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аҟәа ақалақь аҿы игылоу аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа ихы алаирхәит.
Абаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа иара убас рхы аладырхәит Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәалашәара Амш Аԥсны 2006 шықәса инаркны иазгәарҭоит. Убасҟангьы иаԥҵан Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу аполитикатә репрессиақәа иақәыршәаз рреабилитациа азы Акомиссиеи еихьӡылоу Ассоциациеи.
Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз рбаҟа Аҟәа ақалақь, Апарламент аҿаԥхьа иҟоу асквер аҿы ишьақәыргылан жьҭаарамза, 2011 шықәса рзы. Амонумент иалакьакьо адаҷ зкәыршоу ахаҳә ду асахьа амоуп. «Ари абаҟа арепрессиақәа зхызгаз зегьы, Аԥсны аҭоурыхи ԥхьаҟатәи аԥеиԥши агәҭынчымра зызнырҵысуа зегьы рзы акыр аҵак ду аманы иҟоуп. Избан акәзар Сталини Бериеи рполитика иахҟьаз арепрессиақәа зықьҩыла ирылаӡыз рнышәынҭрақәа ахьҟоу еилкааӡамкәа иаанханы иҟоуп иахьа уажәраанӡа, ари абаҟа ахьгылоу аҭыԥ аҿы урҭ раҳаҭыри ргәалашәареи рзы ашәҭқәа рышьҭаҵара, ацәашьқәа раркра ҟалоит.
Абаҟа автор – асахьаҭыхыҩ Зураб Ҭыжәба.