АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Абҵара.2023

Аҟәатәи Иреиҳаӡоу азеиԥшартә командаҟаҵаратә ҵараиурҭа 23 шықәса ахыҵит.

Аҟәа. Абҵарамза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи Иреиҳаӡоу азеиԥшартә командаҟаҵаратә ҵараиурҭа аԥҵара 23 шықәса ахыҵра иазкхеит аҩаша, жьҭаарамза 31 рзы атәылахьчара Аминистрра аҿы имҩаԥысыз аныҳәатә еиԥылара.  

Уи рхы аладырхәит атәылахьчара Аминистрра  анапхгара, аҵараиурҭа арҵаҩцәеи ацжьҭымҭацәеи.

Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа аҵараиурҭа акурсантцәеи арҵаҩцәеи дрыдныҳәалеит. Аминистр идҵа ала зҽалызкааз аусзуҩцәа амедалқәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи ранашьахеит.

«Арра-ҵаратә усбарҭа аԥҵареи аҿиареи рҭоурых атәыла Арбџьар мчқәа рҭоурых иузаҟәымыҭхо иадҳәалоуп.

Аҟәатәи Иреиҳаӡоу азеиԥшартә командаҟаҵаратә ҵараиурҭа раԥхьатәи амшқәа инадыркны арҵаҩцәа, анапхгаҩцәа, зхаҭабзиара ҳаракӡоу аҵарадырраиура рыла ахьӡ-аԥша рылаҵәеит. 23 шықәса рыҩныҵҟа аҵараиурҭа Арратә мчқәа  рзы иазнархиеит хыԥхьаӡара рацәала афицарцәа. Урҭ рҟынтәи жәпаҩык Атәылахьчара аминистрра аҳамҭақәа ранашьоуп. Аҵараиурҭа аушьҭымҭацәа Атәылахьчара аминистрраҿы, Арратә мчра аилазаараҿы иааныркылоит аҭыԥ ҳаракқәа. Уи уамеигәырӷьар залшом.

Ари аҵараиурҭа  арҵаҩцәа ракәзар, урҭ рҿаԥхьа иқәгылоу аҳәынҭқарратә хыдҵа еилкааны, ҭакԥхықәрала рмаҵуратә уалԥшьа анагӡара иаҿуп.

Аҟәатәи Иреиҳаӡоу азеиԥшартә командаҟаҵаратә ҵараиурҭа апрофессор-рҵаҩратә еилазаара иааиԥмырҟьаӡакәа аҵара-ааӡаратә процесс аиӷьтәра иаҿуп, Урыстәыла инагоу арратә ҵараиурҭақәа аус рыцура аҳәаақәа дырҭбаауеит», - ҳәа иазгәаҭоуп аминистр иҟаиҵаз адныҳәалара аҿы.

Владимир Ануа арҵаҩцәеи акурсантцәеи агәабзиара зҩыда, аҭынчра, аманшәалара, набыцра зқәым акурсанттә ешьара, Аԥсадгьыл ахьӡала ԥхьаҟагьы аизҳазыӷьара рзеиӷьаишьеит.

Жьҭаарамза 31, 2000 шықәсазы иаԥҵаз Аҟәатәи азеиԥшартә командаҟаҵаратә ҵараиурҭа Арра-ҵаратә центр инаркны  Иреиҳаӡоу аҵараиурҭаҟынӡа амҩа ианысит, адырра ҳарак змоу афицартә кадырқәа азыҟазҵо Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра аҵараиурҭа хаданы иҟалеит. 

 

 


Read 247 times - Ахаша, 01 Абҵара 2023 17:12
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.