АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Жьҭаара.2023

Москва Анапхгара Аԥсны инхо аветеранцәа афинанстә цхыраара рынаҭеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Москва Аҩны ахаҭарнакцәа Аԥсны инхо Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәеи урҭ  ираҟаратәу акатегориақәа ирыҵанакуа атәылауааи Москва Анапхгара аҟынтәи афинанстә цхыраара рырҭеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит  Москватәи Акультура-усуратә Центр «Москва Аҩны» апресс-маҵзура.  

Афинанстә цхыраара роуит 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа иалахәыз, аибашьра аветеранцәа, аконцлагерқәа рҿы иҭакыз, Асовет Ар аинвалидцәа.  

Москва Аҩны ахаҭарнакцәа 42-ҩык ирҭааит.

«Москва Анапхгара аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи афинанстә цхыраара есышықәса ирынаҭоит. Ҳара есымша аветеранцәеи урҭ рҭынхацәеи ҳыҽрымаҳдоит, ргәабзиара ҳазҵаауеит,  аныҳәақәеи рымш иирақәеи рыдаҳныҳәалоит», - ҳәа илҳәеит Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Москва Аҩны ахаҭарнак Мариа Соиа.

Аматериалтә цхыраара аиура зыхәҭоу рсиа Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа, Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рзы Аминстрреи рҟынтәи ироуз адыррақәа рышьаҭала еиқәыршәахеит.  

Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Москва Аҩны Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини урыстәылатәи адипломатиатә миссиа аусзуҩцәеи Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьбеи, иара убас Аџьынџьтәылатәи Еибашьра Дуӡӡа  аветеранцәа еидызкыло Ареспубликатә Хеилак ахантәаҩы  ихаҭыԥуаҩ  Заканбеи Нанбеи  иарбоу аусура аиҿкаареи амҩаԥгареи рҿы иҟарҵаз ацхыраара азы иҭабуп ҳәа ранаҳәоит.  

Иахьазы Аԥсны инхоит 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа 28-ҩык. Аибашьра ду иалахәын 55,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи, урҭ рҟынтәи 17 нызқьҩык инареиҳаны рышьҭахьҟа изыхнымҳәит. 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду иаԥсахеит. Хҩык Аԥсны ауааԥсыра Ахьӡ-аԥша аорден акавалер нагӡацәа ҳәа ахьӡ иаԥсоуп.


Read 138 times - Ахаша, 01 Абҵара 2023 15:25
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.