АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Жьҭаара.2023

Аҟәа ақалақь аҿы аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәаладыршәеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы Сталини Бериеи раԥшьгарала имҩаԥгаз аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәалашәара Амш азгәарҭоит.

Ашьыжь, Апарламент аҿаԥхьа иҟоу, ааигәа Сарииа Лакоба – Нестор Лакоба иԥшәмаԥҳәыс лыхьӡ зхырҵаз асквер аҿы игылоу аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа ашьҭахь амитинг мҩаԥысит.

Аԥсны ХХ ашәышықәса  30 – 40-тәи ашықәсқәа рзы иҟаз аполитикатә репрессиақаа быжь нызықь ҩык инареиҳаны ирылаӡит. Арепрессиақәа ирықәшәаз рсиа аҿы иҟоуп еиуеиԥшым амилаҭқәа, азанааҭқәа ирыҵанакуа ауаа, урҭ реиҳараҩык 20 – 35 шықәса зхыҵуаз макьаназы иқәыԥшыз ауаа ракәын.  XV Аԥсуа партконференциа ахь иалхыз Қырҭтәыла Акоммунисттә Партиа Аԥснытәи аобком 51-ҩык алахәылацәа рҟынтәи лаҵарамза,  1937шықәсазы арепрессиақәа ирықәыршәан, анаҩсгьы иреихсны ишьын 39-ҩык ауаа. 1936 шықәсазы иалхыз Аԥсны ЦИК 120-ҩык алахәылацәа рҟынтәи арепрессиақәа ирықәыршәын  78-ҩык.  1937 шықәса инаркны 1942 шықәсанӡа Аԥсны анаукатәии арҿиаратәии аинтеллегенциа ахаҭарнакцәа реиҳараҩык ҭархан. Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәалашәара Амш Аԥсны 2006 шықәса инаркны иазгәарҭоит. Убасҟангьы иаԥҵан Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу аполитикатә репрессиақәа иақәыршәаз рреабилитациа азы Акомиссиеи еихьӡылоу  Ассоциациеи.

Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз рбаҟа Аҟәа ақалақь, Апарламент аҿаԥхьа иҟоу асквер аҿы  ишьақәыргылан жьҭаарамза, 2011 шықәса рзы.  Амонумент иалакьакьо адаҷ зкәыршоу ахаҳә ду асахьа амоуп. «Ари абаҟа арепрессиақәа  зхызгаз зегьы, Аԥсны аҭоурыхи ԥхьаҟатәи аԥеиԥши агәҭынчымра зызнырҵысуа зегьы рзы акыр аҵак ду аманы иҟоуп. Избан акәзар Сталини Бериеи рполитика иахҟьаз арепрессиақәа зықьҩыла ирылаӡыз рнышәынҭрақәа ахьҟоу еилкааӡамкәа иаанханы иҟоуп иахьа уажәраанӡа, ари абаҟа ахьгылоу аҭыԥ аҿы урҭ раҳаҭыри ргәалашәареи рзы ашәҭқәа рышьҭаҵара, ацәашьқәа раркра ҟалоит.

«Жьҭаарамза 30 – ари арыцхә Урыстәыла ирыдыркылеит, анаҩс уи ҳара ҳҿы ишьақәдырӷәӷәеит. Даара ишьахуп иахьагьы ауаа абрахь иааны аполитикатә репрессиақәа ирыхҟьаны арҭ зеиҳараҩык хабарда ибжьарӡыз ауаа ахьыргәаладыршәо. Иахьа уажәраанӡа еилкаамкәа иаанханы иҟоуп 300-ҩык ауаа рнышәынҭрақәа ахьыҟоу.   Иара убас иҭыҵуеит Нестор Лакоба имузеи альманах, уи «Нестор» ҳәа ахьӡ амоуп, араҟа ианылоит усҟантәи аамҭа атәы зҳәо, аинтерес зҵоу апубликациақәа, адокументқәа, аусшәҟәқәа, уҳәа аматериалқәа рацәаны.  

Аааигәа ири асквер Сарииа Лакоба лыхьӡ ахырҵеит, уи акыр зҵазкуа хҭысны иҟалеит. Атәылауаа аӡәырҩы Сарииа Лакоба лыхьӡ анаунагӡатәра анбалыршахо ҳәа лассы-лассы азҵаара ҟарҵон. Абар, Аҟәа ақалақьтә Еизара аӡбамҭа иабзоураны уи алыршахеит. Ари аӡбамҭа адгылара даара ииашоу усны иҟалеит, аха ишԥабзиаз ари асквер иахәҭоу аҭеиҭыԥш аиур», - ҳәа иҳәеит аҭоурыхҭҵааҩы Станислав Лакоба.

Лгәаанагара лҳәеит аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәалашәара Ассоциациа ахантәаҩы, арепрессиақәа ирықәыршәаз Анатоли Аҩардан иԥҳа Ирина Аҩардан:   

«Иахьа аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ауаа ргәалашәара Амш ауп.  Ԥыхьатәи Асовет Еидгыла аҵакыра зегьы аҿы ауаа сталинтәи арежим иахҟьаны ааха зауз рыуацәеи рҭынхацәеи ргәаладыршәоит. Ҳара абрахь ҳаауеит иаҳзааигәоу ауаа ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәарц. Иахьа иҷыдоу мшуп, избан акәзар ҳара ҳаҟоуп Сарииа Лакоба лыхьӡ зхырҵаз асквер аҿы. Ассоциациа ахьӡала Аҟәа ақалақь Ахадареи Аҟәа ақалақьтә Еизареи иаҳзыҟарҵаз аҳамҭа азы иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп.

Сгәы иаанагоит шықәсқәак рашьҭахь араҟа иргылахоит ҳәа Сарииа Лакоба лбаҟа.

Аԥсны арепрессиақәа ҷыдала агәымбылџьбаратә ҟазшьа рыманы имҩаԥысуан. Аӡәгьы дрыцҳаршьомызт, иқәыԥшызгьы зықәрахь инеихьазгьы, уимоу, ахәыҷқәаҵәҟьагьы ршьуан. Аԥсуа интеллигенциа ықәырхит. Уи иқәыԥшыз, иԥшӡаз, иҟәышыз уаан. Сан лассы-лассы еиҭалҳәалон, урҭ акыр еинаалаз, ахшыҩ бзиа змааз аԥсуаа шракәыз. Дара зегьы иреихсны иршьит, саб – Анатолти Аҩардангьы уахь дналаҵаны.

Сара игәасҭеит есышықәса еиҳа-еиҳа ишмаҷхо арахь иааиуа ауаа рхыԥхьаӡара. Уи агәы иалымсыр залшом. Ҳара зыԥсҭазаара ақәҵаны иахьа ҳанхартә ҳанҵыртә еиԥш алшара ҳазҭаз ргәалашәара ҳуалԥшьоуп».

Марина Лолуа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо Аҩныҵҟатәи аусқәа Жәлар ркомиссариат (НКВД) аргәаҟырҭақәа рҿы изеихсны иршьыз лаб иашьа Пиотр Лолуа дихцәажәеит.

«1937-1938 шықәсқәа Аԥсны азы даара ихьанҭаз аамҭаны иҟалеит. Усҟан акыр ааха ӷәӷәа роуит аиҳабыратә биԥареи акомҿари. Сара саб иашьа Акомҿар далан, Асовеитеидгылазегьтәи асубтропикатә нхамҩа Аинститут астудент иакәын. Иара акомҿартә ԥсҭазаара активла ихы алаирхәуан, Нестор Лакоба, Николаи Акьыртаа, Ефрем Ешба рнапхгарала аус иуан. 1937 шықәсазы иара дааныркылан дҭаркит, анаҩс харада ахара идҵаны еихсны дыршьит.   

Усҟан иара 23 шықәса ракәын ихыҵуаз, иҭынхеит аҭаацәа, усҟан аамзы заҵәык зхыҵуаз иԥҳа хәыҷы. Сара зны аинтернет аҿы уи 1941 шықәсазы дҭахеит ҳәа аинформациа саԥхьеит. Аха уи ус акәӡам ишыҟаз. Ҳаиҳабацәа ишеиҭарҳәо ала, иара даанкыланы дыргеит, анаҩс хара имгакәа харада ахара идҵаны иеихсны дыршьит».

Марина Лолуа лажәақәа рыла, иара иԥшәмаԥҳәысгьы ақыҭанхамҩатә Институт аҿы аҵара лҵон. «Аамҭа анца ашьҭахь уи зҽаԥсазтәыз агрономны дҟалеит, уи иԥҳагьы лаб ишьҭра дықәлеит. Лара анаукақәа ркандидатс дҟалеит».

 

 

 

 


Read 144 times - Ахаша, 01 Абҵара 2023 14:51
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.