АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Жьҭаара.2023

Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аделегациа Жәларбжьаратәи аҳазылхратә форум –2023 ахы аланархәуеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Арҭ амшқәа рзы Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуеит есышықәса еиҿкаахо «Жәларбжьаратәи аҳазылхратә форум– 2023», уи аусура ахы аланархәуеит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилаы аделегациа. Аделегациа анапхгара аиҭоит Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы ахантаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа.

Афорум аусуратә программа иалоуп 12 тематикатә трек аҿы еидкылоу аусмҩаԥгатәқәа жәпакы. Урҭ жәларбжьаратәи алогистика атраформациеи атранспорттә коридорқәа рыҿиареи адәныҟаекономикатә усура адгылара аҭареи армариареи, адәныҟатәи ахәаахәҭра ацифровизциа, жәларбжьаратәи аусеицура, иара убас аҳазылхратә усхкы аҿы егьырҭ актуалра злоу азҵаарақаәа еиднакылоит.

Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аделегациа апанельтә сессиа «Адгылара иазку ауснагӡатәқәа: иуадаҩу азҵаарақәа рзы имарианы» ахы аланархәит, иара убас атемақәа: «Азинмчы змоу аекономикатә оператор Иинститут: ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьеи ааигәатәи аперспективақәеи», «Адәныҟаекономикатә усура иалаху рзы аҳәаанҭыҵтәи жәларбжьаратәи ахәаахәҭра иадҳәалоу афинанстә операциақәа» рыла имҩаԥгаз астол гьежьқәа  ирылахәхеит.

Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы ахаҭарнакцәа Жәларбжьаратәи аҳазылхратә форум уажәаԥхьагьы рхы аладырхәхьеит.     


Read 149 times - Ахаша, 01 Абҵара 2023 10:37
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.