АЖӘАБЖЬҚӘА

31.Жьҭаара.2023

Елена Жилинскаиа: «Урыстәылатәи аидгьылуаа реиҿаарақәа Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи ринтересқәа рыхьчаразы рҽеидыркылароуп» .

Аҟәа. Жьҭаарамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи аидгьылуаа реиҿкаарақәа Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи ринтересқәа рыхьчаразы рҽеидыркылароуп, ҳәа имҩаԥысыз астол гьежь «Аԥсны: иҿыцу агеополитикатә  ааԥхьарақәа» аҿы аҳәамҭа ҟалҵеит Аԥсны иқәынхо уыстәылатәи аидгьылуаа Рассоциациа ахантәаҩы, ареспублика аҿы Урыстәыла атәылауаа рзинқәа рыхьчаразы Ацентр анапхгаҩы Елена Жилинскаиа.

Ари аусмҩаԥгатә еиҿкаан Аԥсны асоциал-економикатә ҭҵаарақәа Рцентр ала. Адискуссиа рхы аладырхәит Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, аҵарауаа, ауаажәларратә усзуҩцәа, амилаҭтә еилазаарақәа рхаҭарнакцәа.

Астол гьежь аҳәаақәа ирҭагӡаны абарҭ азҵаарақәа ирылацәажәеит:

– ҳаамҭазтәи аглобалтә геополитикатә еиҿагыларақәа (Карабах, Украина, Ааигәатәи Мрагылара) реилкаара;

– Аладатәи Кавкази Аԥсни ррегион азы урҭ ахҟьаԥҟьақәеи ашәарҭарақәеи ранализ/ахәшьара аҭара;  

–  иҿыцу адунеинхамҩатә система акофигурациа ашьақәгылара аамҭа азы агеополитикатә ааԥхьарақәа рзы иҟалар зылшо аҭакқәа.

Елена Жилинскаиа лықәгылара аҿы иҟоу аперспективақәа ииашаны ахәшьара рыҭаразы иахьа Аԥсны иарбан зинеиҟаратә еиҿкаара зныԥшуа адунеитә шьақәгылашьа  изыдгылоу аилкаара ахәҭаны иҟоуп ҳәа иазгәалҭеит.  

«Адунеитә шьақәгылашьа ауадаҩра абџьар аҳасабала арратә мчы адагьы агуманитартә мчгьы ахархәара ахьалшо алагьы иалкаахоит. Ари амч аԥызҵо ауаажәларратә еиҿкаарақәа роуп. Аха уи азы аидгылара хымԥада иаҭахуп, урыстәылатәи аидгьылуаа реиҿкаарақәагьы уахь иналаҵаны. Ҳазҭагылоу аамҭазы ҳара даара иуадаҩу адунеитә шьақәгылашьа амодель аҟазаара аабоит. Араҟа аҿиара имариоу асценариақәеи асхемақәеи ыҟыӡам. Иҳамбар залшом иҿыцу аполитикатәи ахәаахәҭра-економикатәи аимадарақәа шцәырҵуа. Аԥсныгьы аганахь изаанхом. Уигьы, ҳаԥхьаҟа егьырҭ атәылақәа реиԥш даҽа дунеитә шьақәгылара аҿы – изышьцылахьоу аструктурақәеи аусеицуратә режимқәеи рынҭыҵ  инхар акәхоит», – ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара. 


Read 223 times - Ахаша, 01 Абҵара 2023 10:11
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.