АЖӘАБЖЬҚӘА

31.Жьҭаара.2023

Аҳазылхыҩцәа акриптовалиута арҳара иазку 21 аппарат аконтрабаҭ аԥхьырҟәҟәаара рылдыршеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аконтрабаҭ аҿагылареи аҳазылхратә зинеилагарақәа рыԥхьырҟәҟәаареи рзы аҟәша аусзуҩцәа  аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аҳазылхратә гәаҭара азона иахьаҵанакуа Аԥсны атәылауаҩ зыԥсҟы икыз автомашьына агәаҭара мҩаԥыргеит. Ари аусмҩаԥгатә аан амашьына аԥхьатәи ахәҭа аҿы ирыԥшааит  Аԥсны аҳазылхратә ҵакыра ахь алагаларазы аԥкрақәа шьақәыргылоу акриптовалиута арҳаразы 21 аппарати урҭ рыԥсахгахәҭақәеи  - 100 цырак рҟынӡа амҩангагақәа,  40 цыра афымца ԥшандагақәа, иара убас  11 адренажтә ӡхагалагақәа.

Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, иарбоу административтә зинеилагара азы аматериалқәа зегьы аусеилыргаанӡатәи ахәаԥшразы Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аҭҵаареи аҳазылхратә усеилыгарақәеи рыҟәша ахь инашьҭуп. 

 

 


Read 308 times - Ахаша, 01 Абҵара 2023 00:06
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.