АЖӘАБЖЬҚӘА

31.Жьҭаара.2023

Роберт Киут аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭақәа аветеранцәа еидызкыло Краснодартәи арегионалтә еиҿкаара ахаҭарнакцәа идикылеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭақәа аветеранцәа еидызкыло Краснодартәи арегионалтә еиҿкаара ахаҭарнакцәа дырԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аветеранцәа ареспублика иаҭааит аҩганктәи аимадара аҳәаақәа рырҭбаара хықәыс иҟаҵаны.  

Аделегациа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, аминистр Аԥсны аветеранцәа рызнеишьа иҷыдоу аҟазшьа аҵоуп ҳәа иазгәеиҭеит. Иара аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аветеранцәа аминистрра аусураҿы рлагала дууп, урҭ аусзуҩцәа разыҟаҵареи рҵареи, ауааԥсыра рыҩныҵҟа азинтә дыррақәа рыларҵәара, ауаажәларра рҿы азинхьчаратә усбарҭақәа рахь агәрагара ашьақәгылара, уҳәа иазку аусура активла рҽаладырхәуеит ҳәа иазгәеиҭеит.

Роберт Киут аҩ-ҳәынҭқаррак рзинхьчаратә усбарҭақәа рыбжьара хра злоу аизыҟазаашьақәа рыҿиара шыҟоу инаҵшьны иазгәеиҭеит. Иара аоперативтә, акриминалисттә, азинтә уахь иналаҵаны аинформациа аимдара шымҩаԥысуа атәы еиҭеиҳәеит.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз  Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭақәа аветеранцәа еидызкыло Краснодартәи арегионалтә еиҿкаареи Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аветеранцәа еидызкыло ауаажәларратә еиҿкаареи рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥысит. 

 

 


Read 294 times - Аҩаша, 31 Жьҭаара 2023 23:50
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.