АЖӘАБЖЬҚӘА

31.Жьҭаара.2023

Пауерлифтинг азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахраҿагара мҩаԥысит Аҟәа ақалақь аҿы.

Аҟәа. Жьҭаарамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 29 рзы Аҟәа ақалақь аҿы пауерлифтинг азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахраҿагара мҩаԥысит.  Уи рхы аладырхәит Аҟәа ақалақь, Аҟәа араион, Урыстәыла рҟынтәи 29-ҩык аспортсменцәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.

Аҭыԥҳацәа рыбжьара, зыкапантә категориа 62,5 кьыла рҟынӡа инаӡо  рыбжьара, ахыхкеицлабра аҿы 195 кьыла рҟынӡа алҵшәара аарԥшны  актәи аҭыԥ аанылкылеит Амина Кьышьмариа.

Ахацәа рыбжьара, зыкапантә категориа 82,5 кьыла рҟынӡа инаӡо  рыбжьара, ахыхкеицлабра аҿы 590 кьыла рҟынӡа алҵшәара аарԥшны  актәи аҭыԥ ааникылеит Валентин Дроздиук, зыкапантә категориа 100+ кьыла рҟынӡа инаӡо рыбжьара, 600 кьыла рҟынӡа алҵшәара аарԥшны  араӡнытә аԥхьахә игеит Андреи Листон,  зыкапантә категориа 82,5 кьыла рҟынӡа инаӡо рыбжьара,  530 кьыла рҟынӡа алҵшәара аарԥшны, ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит   Михаил Кетиа.

Адисциплина «уианы ашьҭыхра» аҿы аҭыԥҳацәа рыбжьара 60 кьыла алҵшәара аарԥшны актәи аҭыԥ аанылкылеит Аигиуль Кар, ахацәа рыбжьара – 70 кьыла алҵшәара аарԥшны аиааира игеит Пиотр Стороженко.

Атурнир аиҿкаара рхахьы иргеит – Аԥсны аҿари аспорти  русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы, Аԥсны алшарамчтә спорт хкқәа Рфедерациа, афитнес-клуб «Elite Sport».  

 

 


Read 285 times - Ахаша, 01 Абҵара 2023 10:12
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.