Аҟәа. Жьҭаарамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟа ала Али Муҳаммад Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика аҿы Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩыс дҟаҵоуп.
«Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ахәҭаҷ 53, апункт 8 инақәыршәаны, Али Муҳаммад Џьалал-иԥа Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика аҿы Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩыс дҟаҵазааит», - ҳәа иаҳәоит жьҭаарамза 31, 2023 шықәсазы знапаҵыҩра мҩаԥысыз Аусԥҟа атекст.