pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жьҭаарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Лаша Ашәба Идырым Асолдаҭ иҳаҭгәын аҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит. Урыстәылатәи Афедерациаҟны официалтә визитла рыҟазаараан Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Александр ихьӡ зху абаҳчаҿы Кремльтәи аҭӡы амҵан Идырым Асолдаҭ иҳаҭгәын аҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Иахьа  Аҳәынҭқарратә Думаҟны Москва ақалақь аҿы аофициалтә визит аан имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи УА Федералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володини рофициалтә еиԥылара, ҳәа иаанацҳауеит Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума аофициалтә саит.

Апарламентқәа рхадацәа аган рацәа змоу аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Иазааҭгылеит аус зуа аиқәшаҳаҭра-зинтә база аҿиараҟны апарламенттә еимадарақәа рызҵаарақәа, иара убас асоциалтә-економикатә, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ркультура-гуманитартә усеицура, Аԥсны Аҳәынҭқарра аибашьратә шәарҭадара, акоординациа зызу адәныҟатәи аполитика азҵаарақәа.

Аиԥылара иалахәыз абжьаратә еихшьала азыруит аԥсны-урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәаақәа рахысра азҵаарақәа рыҟны аусеицуразы ааигәа иаԥҵаз аԥсны-урыстәылатәи апарламентбжьаратә усуратә гәыԥ аусура.

Аганқәа ирҳәеит аусеицуразы иаԥҵоу ҩ-ганктәи акомиссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны апарламентбжьаратә усеицура арццакра ишазхиоу.

Аԥсуа ган ала аиԥылара иалахәын Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршба, Аграртә политикеи, аԥсабаратә лшарақәеи, аекологиеи рзы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Демур Гогьиа, Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак алахәҩы Инар Гыцба, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аппарат Анапхгаҩы Вадим Бжьаниа.  УА аҟны иҟоу АА аусқәа рзы аамҭалатәи агәрага Мадина Аҩӡба.

Аҟәа. Жьҭаарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамзазы ареспублика абиуџьет ашәахәтә шәатәқәа раҳасабала иалагалахеит 511,3 млн. мааҭ. Убри аан аплан ала иазԥхьагәаҭан 386,0 млн. мааҭ. Убас ала, цәыббрамзазы аплан анагӡара  – 132% рҟынӡа инаӡеит. Абри атәы аанацҳауеит Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра аофициалтә саит.

2022 шықәса жәымз ирылагӡаны ареспублика абиуџьет  иалагалахеит 2 млрд 992,8 млн.  мааҭ ашәахтә шәатәқәа. Убри аан планла иазԥхьагәаҭан 2 млрд 169,5 млн мааҭ. Аплантә рбагақәа нагӡоуп 138% рыла. Фактла иалагалаз ашәатәқәеи планла иазԥхьагәаҭаз ашәатәқәеи рыбжьара аивгара аицҵалыҵ 823,2 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.

2022 шықәса жәымз рыла араионқәа рыла ашәахтә лагалақәа наӡоит:

Аҟәа ақалақь  – аплан ала иазԥхьагәаҭан   1 млрд 141,3 млн.мааҭ, иалагалахеит 1 млрд 429,3 млн. мааҭ, даҽакала иуҳәозар, 125%.

Гагра араион – аплан ала иазԥхьагәаҭан  526,8 млн. мааҭ, иалагалахеит 838,6 млн. мааҭ, даҽакала иуҳәозар  159%.

Гәдоуҭа араион – аплан ала иазԥхьагәаҭан  177,3 млн.мааҭ, иалагалахеит 297,4 млн.мааҭ, даҽакала иуҳәозар 168%.

Аҟәа. Жьҭаарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩцәа Кристина Озгани Владимир Делбеи, шьаҭанкылатәи аргылара азы Аусбарҭа анапхгаҩы Ҭемыр Агрба Урыстәыла аекономикатә ҿиара ахаҭарнакцәа – иҷыдоу апрограммақәеи апроектқәеи рзы Адепартамент адиректор Антон Мельник, аминистр ицхырааҩ Михаил Мухортов ирԥылеит. Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит  Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Максим Литвинови.

Аҟәа.  Жьҭаарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада»Аԥсны ашәҟәы шкәакәа» асоавторцәа, аҵарауаа Павел Флоренскии уи иԥшәмаԥҳәыс Татиана Шутовеи идикылеит.

Аҳәынҭқарра Ахада жьҭаарамза 4 рзы, ахәылбыҽха дидикылеит урыстәылатәи аҵарауаҩ, агеологиа-минералогиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Урыстәылатәи Иԥсабаратәу аҭҵаарадыррақәа ракадемиа  академик, Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла, Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла алахәҩыла Павел Флоренскии уи иԥшәмаԥҳәыс афилолог, Леон иорден занашьоу, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан москватәи агазеҭқәа жәпакы рыҟны арратә корреспондентс иҟаз Татиана Шутовеи.

Аҟәа.  Жьҭаарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥызы-министр Алеқсандр Анқәаб Урыстәылатәи Афедерациа Жәлар рартистка, Игорь Моисеев ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә академиатә ансамбль (Игор Моисеев ибалет) асахьаркыратә напхгаҩы Елена Шьербакова дылԥылеит, ҳәа иаанацҳауеит аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.

Адунеизегь еицырдыруа абалет аколлектив  85-шықәса ахыҵра инамаданы иаԥҵоу апрограмма ҷыда ала Аԥсны агастрольқәа мҩаԥнагоит. Уи иқәгылараны иҟоуп Р.Д.Гәынба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә филармониа асцена аҿы.

Агастролқәа  урыстәылатәи абинесмен, амеценат Алишер Усманов иаԥиҵаз «Аҟзара, анаука, аспорт» ҳәа хыс измоу Агәыҳалалратә фонди Аԥсны акультура аминистри раԥшьгарала имҩаԥысуеит.

Алеқсандр Анқәаб Елена Шьербакова иҭабуп ҳәа леиҳәеит лара Аԥсны ҷыдала дахазыҟоу азы.

Аҟәа. Жьҭаарамза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациаҟа иофициалтә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Лаша Ашәба Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара асас дахьқәа рышәҟәаҟны агәаларшәагатә нҵамҭа аанижьит: «Урыстәыла ажәлар рымаҵ аура иазку аус бзиаҟны ақәҿиарақәеи аихьӡарақәеи!».

Аҟәа.  Жьҭаарамза 3, 2022 шықәса.  Аԥсныпресс.  Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба аусуратә ныҟәара аҳасабала Ростов-на Дону ақалақь ахь амҩа дықәлеит. Уи иусуратә ныҟәара ахықәкы хаданы иҟоуп XXI аҟазара азҟазацәа жәларбжьаратәи рфестиваль «Аҭынчра Кавказ азы» алахәхара.  

Аҟәа. Жьҭаарамза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Калмыкиа Ахада Бату Хасиков дидикылеит.

«Ҳаҭыр зқәу Бату Сергеи-иԥа, бзиала уаабеит! Ҳадгьыл аҟны шәбара ҳаигәырӷьоит»,- ҳәа асас аԥсшәа иаҳәо иҳәеит Аслан Бжьаниа. Аиԥылараҟны еиуеиԥшым аусхкқәа рыҟны аусеицура азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи ганрацәалатәи аимадарақәа шрыбжьоу. «Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәеи ҳареи аимадарақәа, аекономикатә, аиҩызаратә, акультуратә еизыҟазаашьақәа ҳабжьаҳҵар ҳҭахуп»,- ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Калмыкиа Ахада иганахьала Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа еиҳәеит аиԥыларазы. «Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, гәахәара дууп сара сзы Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны сыҟазаара. Сара Аԥсны аҭоурыхи акультуреи рдырра сахьӡахьеит. Абас еиԥш ахшыҩҵак сызцәырҵит избаз анаҩс, «Аԥсны Аҳәынҭқарра аиааира символра азызуа аҭоурых аиқәырхара алшеит, ари иахьа ҷыдала аҵакы амоуп»,- ҳәа иҳәеит Баҭу Хасиков.

Калмыкиа Ахада иазгәеиҭеит Аԥсныҟа иаара хықәкыс ишамоу атуризм, аҵараиура, ақыҭанхамҩа ахырхарҭала аусеицура ахацыркра.

Аҟәа. Жьҭаарамза 3,  2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа жьҭаарамза-ԥхынҷкәынмза 2022 шықәса рзы Аԥсны атәылауаа арратә маҵзура ахь ааԥхьара рыҭара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Жьҭаарамза 1 инаркны ԥхынҷкәынмза 31, 2022 шықәса аҟынӡа 18 -27 шықәса зхыҵуа, арратә ԥхьатәара иҟам атәылауаа арратә маҵзура анагӡаразы ааԥхьара рыҭахоит.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.