АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Нанҳәа.2023

Аҟәа ақалақь Апрокуратура Рыдван Хан-иԥа ишьра инамаданы ашьаусеилыргара хацнаркит.

Аҟәа. Нанҳәаза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 6 рзы Аҟәа ақалақь Апрокуратура Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа  1 (ауаҩшьра), ахәҭаҷ 217 ахәҭа 1 (иҭҟьо амцабџьар, уи ахәҭа хадақәа, аџьаԥҳаны, арҭҟәацгақәеи арҭҟәацгатә шьақәгылагақәеи  изакәанымкәа раахәара, реиҭарсра, рыҭира, рыҵәахра, рыиагара, мамзаргьы рныҟәгара) инарықәыршәаны ишьақәыргылам ахаҿы иганахьала ашьаусеилыргара хацнаркит.   

Заанаҵтәи аусеилыргара аусбарҭала ишышьақәыргылахаз ала, нанҳәамза 6, 2023 шықәса,  21 сааҭи 30 минуҭи инарзынаԥшуа, уажәазы ишьақәыргылам ахаҿы, Аҟәа ақалақь, Џьонуа имҩала игылоу  аҩнеихагыла №4 ашҭа аҿы, уи азы ишиашоу агәҭакы иманы, уаанӡа изакәанымкәа иаахәаны иныҟәигоз зыхкы шьақәыргылам, зыхҭаларшә 9 мм рҟынӡа инаӡо амцабџьар ала Хан-иԥа Рыдван Илхан-иԥа 8-нтәы диеихсит.  Иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны,  Рыдван Хан-иԥа иара уааҵәҟьа иԥсҭазаара далҵит.

Ашьаусеилыргара амҩаԥгараан еилкаахеит иарбоу ацәгьоура ишалахәыз Узбекьысҭан атәылауаҩ, 1992 шықәсазы ииз Саломов Оибек Гуломон Угли, иара убас  Азербаиџьан атәылауаҩ,  1998 шықәсазы ииз  Ибрагимов Али Елхан-оглы.

Нанҳәамза 7, 2023 шықәсазы, имҩаԥгаз акомплекстә оператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны,  Саломови Ибрагимови аанкыланы атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу аамҭалатәи аԥхьакырҭа ахь инагахеит.  

Аамҭа кьаҿ иалагӡаны, заанаҵтәи аусеилыргара аусбарҭа Саломови Ибрагимови ҭакрала ахьырхәра рзалхра азы азыҳәамҭа  Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа ахь идәықәнаҵараны иҟоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Апрокуратура Хада апресс-маҵзура.


Read 184 times - Аԥшьаша, 10 Нанҳәа 2023 16:00
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.