09.Нанҳәа.2023

Нанҳәамза 8 рзы Қырҭтәыла аганахь ала Аахыҵ-Уаԥстәыла арратә агрессиа аназыҟаҵаз амш 15 шықәса ахыҵит. Абх. Абх. Абх. Абх.

Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Нанҳәамза 8 рзы анаҩс «хәымштәи аибашьра» ҳәа хьӡыс изауз Аахыҵ-Уаԥстәыла аибашьратә хҭысқәа ианрылага амш инаркны   15 шықәса ҵуеит. 2008 шықәса, нанҳәамза 7- 8 ауха, ҭынч ицәаз ақалақь Цхьынвали уи ааигәа-сигәа иҟаз араионқәеи рганахьала имҩаԥган раԥхьатәи артилериатә хысрақәа. Қырҭтәылатәи архәҭақәа ареспублика «Адәы цқьа» алхра хықәкыс иҟаҵаны ижәылеит.

Уи аԥхьа, ахәылбыҽха, нанҳәамза 7, асааҭ 19:40 рзы,  Михаил Саакашвили  Қырҭтәыла ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит. Уи иҟаиҵаз адыррақәа рыла, иара қырҭтәылатәи арбџьармчқәа зегьы адҵа риҭеит Цхьынвалтәи арегион аҿы аҭак аҳасабала ахысрақәа мап ацәыркырц. «Сара уажәы қырҭтәылатәи аполициа аусзуҩцәа иреихсуа рахь схы рханы, аҭакԥхықәра зегьы схахьы иганы исҳәарц сҭахуп, сааҭқәак раԥхьа — амца мцала аҭак аҟамҵара» азы  даара иуадаҩыз аӡбамҭа сшыдыскылаз», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла Ахада Михаил Саакашвили.

Аха х-сааҭк рышьҭахь Қырҭтәыла Аахыҵ-Уаԥстәыла аганахьала ажәыларатә операциа анагӡара иалагеит.  

Қырҭтәыла анапхгара сааҭқәак рыла Аахыҵ-Уаԥстәыла ампыҵакреи адырҩаҽныҵәҟьа Цхьынвал ақалақь аҿы «Аиааирагаҩцәа рпарад» амҩаԥгара азы агәҭакқәа аман. Арратә операциа иалагӡаны ирбган 745 инарзынаԥшуа  аҭынч уааԥсыра рыҩнқәа, 200 инареиҳаны анаплакқәеи еиуеиԥшым аиҿкаарақәеи рхыбрақәа реимҵәареи рықәхреи мҩаԥган. Шәҩыла акгьы зхарамыз ауаа ҭахеит, аӡәырҩы еиуеиԥшым ахәрақәа роуит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп 72-ҩык урыстәылатәи аруаа.

Акыр ирацәаны ацәыӡқәа шамазгьы, Аахыҵ-Уаԥстәыла, уи ахьчаҩцәа ргымшәара иабзоураны, имхьаҵӡеит. Қырҭтәыла аҭынчра ашьақәыргылара азаагара иазкны Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара  ианаамҭаз имҩаԥнагаз аусеиҿкаара иабзоураны аиҿагылара аанкылара алыршахеит. ***   ***

 

 


Read 327 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.