Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Қырҭтәыла аганахь ала Аахыҵ-Уаԥстәыла иазыҟаҵаз агрессиа 15 шықәса ахыҵра инамаданы аҳәамҭа ҟаиҵеит.
«Аԥсны жәлари хаҭала сара сыхьӡалеи ҳаиашьаратә Республика Аахыҵ-Уаԥстәыла ақырҭуа агрессорцәа анақәлаз аахыс 15 шықәса аҵра амш аҽны иазгәасҭарц сҭахуп лахьеиқәрала ишҳадаҳкыло ауаԥс жәлар рзы ихлымӡаахны иҟалаз ари амш.
Қырҭтәыла анапхгара аӡбара аднакылеит раԥхьа Аахыҵ-Уаԥстәыла Ареспублика шьаҭанкыла ақәхра, анаҩс Аԥсны Аҳәынҭқаррагьы.
Ақырҭуа ган, уи аамҭазы имҩаԥысуаз аҭынч еиҿцәажәарақәа ахахьы иаамгакәа, Аахыҵ-Уаԥстәыла аганахь ала арбџьар мчқәа рхы иадырхәеит.
Ауаԥс жәлар ргәымшәареи рфырхаҵареи, иара убас Урыстәыла Афедерациа анапхгара аганахь ала имҩаԥгаз аусеиҿкаареи ирыбзоураны, аиҿагылара аанкылара алыршахеит. Қырҭтәыла аҭынчра ашьақәыргылара иазааргеит, ҩ-республикак риашьаратә жәларқәа ақәӡааразы иҟаз ашәарҭара иацәыхьчан.
Аԥсынтәыла иахьа ари аибашьра иалаӡыз ргәалашәара мҩаԥыргоит, ауаԥс жәлар ргәырҩа рыцеиҩыршоит.
Ҳара Урыстәылатәи Афедерациа аганахь ала иҭабуп ахаҳҳәаауеит Аахыҵ-Уаԥстәыла Ареспубликеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи адгылара ахьрынаҭаз азы.
Иахьа Урыстәылатәи Афедерациа ахаҭа аамҭа уадаҩ иҭагылоуп, атәыла анапхгареи аурыс жәлари ганрацәала ацхыраара рыҭара ҳшазхиоу атәы ҳҳәоит.
Ас еиԥш иҟоу ахҭысқәа уаҳа иҟаларым ҳәа, ҳауаажәлар аҭынч ԥсҭазаареи аизҳазыӷьареи рԥеиԥшхап ҳәа агәыӷра ҳамоуп".