Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 8 рзы, Аахыҵ-Уаԥстәыла Қырҭтәыла аганахь ала ареспублика арратә агрессиа аназыҟаҵаз амш 15 шықәса ахыҵра азгәарҭоит. Ари Уаԥстәыла аҭоурых аҿы атрагедиатә рыцхәқәа иреиуоуп.
Аҳәынҭқарра Ахада Ихҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Аԥсны иҟоу Аахыҵ-Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәарҭа даҭааит. Уи араҟа нанҳәамза, 2008 шықәсазы иҟалаз, анаҩс «хәымштәи аибашьра» ҳәа хьӡыс изауз Аахыҵ-Уаԥстәыла аибашьратә хҭысқәа раан иҭахаз ауаа ҳаҭырла игәалаиршәеит.
Бадра Гәынба Аԥсны Ахадеи ажәлари рыхьӡала аиашьаратә ауаԥс жәлар рхьаа шрыцырҩыршо атәы иҳәеит.
«15 шықәса ҵит ауаԥс жәлар зегьы рзы атрагедиатә хҭысқәа анымҩаԥысуаз инаркны.
Усҟан аиҿцәажәаратә процесс шымҩаԥсыуазгьы, Қырҭтәыла амчрақәа Аахыҵ-Уаԥстәылатәи Ареспублика ампыҵахалара азы аӡбамҭа рыдыркылеит. Аха акыр ирацәаны ацәыӡқәа шамазгьы, Аахыҵ-Уаԥстәыла, уи ахьчаҩцәа ргымшәара иабзоураны, имхьаҵӡеит. Қырҭтәыла аҭынчра ашьақәыргылара азаагара иазкны Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара ианаамҭаз имҩаԥнагаз аусеиҿкаара иабзоураны аиҿагылара аанкылара алыршахеит.
Ҳара ибзиаӡаны иаадыруеит Қырҭтәыла анапхгара раԥхьа Аахыҵ-Уаԥстәыла Ареспублика шьаҭанкыла ақәхра, анаҩс Аԥсны Аҳәынҭқаррагьы ақәгара азы аӡбара шаднакылаз. Ҳара иахьа Аахыҵ-Уаԥстәыла ажәлар рхьааи ргәырҩеи рыцеиҩаҳшоит», - ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.
Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Урыстәыла анапхгара усҟантәи амшқәа рзы Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи рԥеиш иадҳәаланы иаднакылаз аӡбамҭа иабзоураны аҩ-республикак риашьаратә жәларқәа ақәӡааразы иҟаз ашәарҭара иацәыхьчан ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. «Иахьа Урыстәылатәи Афедерациа ахаҭа аамҭа уадаҩ иҭагылоуп, атәыла анапхгареи аурыс жәлари ганрацәала ацхыраара рыҭара ҳшазхиоу атәы ҳҳәоит», - ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.
Уи Аахыҵ-Уаԥстәыла ажәлар аҭычреи аизҳазыӷьареи рзеииӷьаишьеит.
Усҟантәи амш еиқәаҵәақәа раан иҭахаз ргәалашәаразы арахь иара убас имҩахыҵит атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аиҳабы Џьансыхә Нанба, ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика Ахаҭарнак Гарри Кәпалба, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа.