Аха х-сааҭк рышьҭахь Қырҭтәыла Аахыҵ-Уаԥстәыла аганахьала ажәыларатә операциа анагӡара иалагеит.
Қырҭтәыла анапхгара сааҭқәак рыла Аахыҵ-Уаԥстәыла ампыҵакреи адырҩаҽныҵәҟьа Цхьынвал ақалақь аҿы «Аиааирагаҩцәа рпарад» амҩаԥгара азы агәҭакқәа аман. Арратә операциа иалагӡаны ирбган 745 инарзынаԥшуа аҭынч уааԥсыра рыҩнқәа, 200 инареиҳаны анаплакқәеи еиуеиԥшым аиҿкаарақәеи рхыбрақәа реимҵәареи рықәхреи мҩаԥган. Шәҩыла акгьы зхарамыз ауаа ҭахеит, аӡәырҩы еиуеиԥшым ахәрақәа роуит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп 72-ҩык урыстәылатәи аруаа.
Акыр ирацәаны ацәыӡқәа шамазгьы, Аахыҵ-Уаԥстәыла, уи ахьчаҩцәа ргымшәара иабзоураны, имхьаҵӡеит. Қырҭтәыла аҭынчра ашьақәыргылара азаагара иазкны Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара ианаамҭаз имҩаԥнагаз аусеиҿкаара иабзоураны аиҿагылара аанкылара алыршахеит. *** ***
Источник: https://www.apsnypress.info/ru/home/novosti/item/6720-8-avgusta-ispolnilos-15-let-vooruzhennoj-agressii-gruzii-protiv-yuzhnoj-osetii.
© АПСНЫПРЕСС.