АЖӘАБЖЬҚӘА

31.Жьҭаара.2023

Аԥснытәи арҵаҩцәа рзы азанааҭтә дырра ашьҭыхразы акурсқәа мҩаԥыргоит урыстәылатәи аспециалистцәа.

Аҟәа. Жьҭаарамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҵара Аминистрра, Урыстәыла иреиҳаӡоу аҵарадырреи анаукеи Рминистрра, Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Университет аспециалистцәа, еицынарыгӡо апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны алагарҭатә классқәа рырҵаҩцәа, аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа, абҩарҵәыра арҵаҩцәеи аспорттә зыҟаҵаҩцәеи рзы азанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра иазку акурсқәа мҩаԥыргоит.    

Нхыҵ-Кавказтәи Ауниверситет азиндырратә Институт адиректор ихаҭыԥуаҩ Алеқсеи Жуков апроект далацәажәо иазгәеиҭеит: «Ари апроект ус баша ицәырымҵӡеит. Ҳара Аԥсни Урыстәылеи рҵарадырра асистемақәа реишьашәалара иазкны Урыстәыла иреиҳаӡоу аҵарадырреи анаукеи Рминистрра адҵа наҳагӡоит. Аԥсны аҵара Аминистрреи ҳареи  абар шьҭа жәы-шықәса ирылагӡаны хра злоу аусеицура ҳабжьоуп. Иарбоу аамҭа иалагӡаны аԥснытәи арҵаҩцәеи аҳәынҭқарратә маҵурауааи рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра азы планла ишьақәыргылоу апрограмма анагӡара мҩаԥысуеит. Акурсқәа иахьа ихацыркхеит, ҩымш урҭ Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥыслоит, ҩымш Гәдоуҭа ақалақь аҿы, убри аҟараҵәҟьа Очамчыра ақалақь аҿы. Акурс апрограмма аилкаара ашьҭахь, азыӡырҩцәа иалкаау ахыдҵақәа нарыгӡалоит, азшьа арҭоит, анаҩс акурсқәа ишырхысыз ала асертификат роуеит».

Алеқсандр Жуков иажәақәа рыла, Нхыҵ Кавказтәи Афедералтә Университет аспециалистцәа анаҩстәи раара абҵарабза   13 иақәшәоит. Урҭ усҟантәи раара аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәынҭқарратә маҵурауаа рзы азанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра иазку акурқәа мҩаԥгахоит. 

 

 


Read 332 times - Аҩаша, 31 Жьҭаара 2023 12:09
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.